Чичен Ица

Чичен Ица   Чичен Ица ажәытәӡатәи ақалақь ахьӡ ауп. Иахьа ҳа ҳҟынӡа иааӡеит иара ахыжәжәарақәа. Ианраамҭаз урҭ ҷыдала иҧшӡаз архитектуратә хыбрақәан, убри аҟынтә 2007 шықәсазы адунеи аџьашьахә ҿыцқәа рсиа иалашәеит. Чичен Ица Мексика, адгьылбжьахабжа Иукатан аҟноуп иахьыҟоу, изыргылазгьы маиа жәлар рхылҵшьҭрақәа роуп. Маиаа даара иҟәышыз, ахдырра ҳарак змаз, ижәытәӡатәииз жәларын. Урҭ иаҧырҵеит амзар, ажәҩани аеҵәақәеи ҭырҵаауан, идыргылон аҧшӡара иакны иагоз ақалақьқәа. Убарҭ иреиуоуп Чичен Ица захьӡыз ақалақьгьы. Маиа жәлар рзы ари ақалақь акрызҵазкуа культуратә центрын, избанзар анхарҭатә ҩынқәа рымацара ракәмызт ара игылаз, ара иҟан аныхабаақәа, арлахҿыхырҭа аҭыҧқәа, ахәмарырҭақәа, агәашьа ҧшӡақәа, ахыргьагьақәа. Ақалақь зегь хаҳәла ичаҧан. Уи аҟаҵаразы иаҭахын агәаҳәареи аџьабаа дуӡӡеи. Маиаа рхылҵшьҭрақәа ҟазара ҳаракыла, гәцаракрала хаҳәцыҧхьаӡа аус адырулон. Чичен Ица еиҧш иҟоу ақалақь аҧызҵаз, ирылшеит шәышықәсала ауаа зыршанхоз, еиуеиҧшым абиҧарақәа ҧшӡарала рыбла хызкуаз ақалақь аҟаҵара. Чичен Ица аҧҵара аҭоурых Чичен Ица аргылара иалагеит абыжьбатәи ашәышықәсазы. Уи иаразнак иргыламызт. Аҵарауаа ишырыҧхьаӡо ала, ақалақь еизҳаит, иҿиеит абжьбатәи-ажәабатәи (VII-X ашә.) ашәышықәсақәа ианрыҵанакуаз аамҭазы. Маиаа рхылҵшьҭрақәа рыҧсҭазаара ус иҭынчны имҩасуамызт. Лассы-лассы аҕацәа рықәлон, даргьы ахыхьчаразы еибашьлар акәын. Аҕацәа имҩаҧыргоз ақәыларақәа ажәлар еснагь ршьара иқәызҟьоз акакәын. Аха иҟоуп убас еиҧш ампыҵахалаҩцәа, ақалақьқәа рацәак ихызмырбгало, иҧхасҭазымтәуа, ауаагьы уи аҟара цәгьара рзаазымго. Урҭ еиҳарак рымчи, рыҕәҕәареи, рнырреи роуп иаадырҧшырц ирҭаху. А-10-тәи ашәышықәсазы убас иҟаз аҕа дрықәлеит маиаа. Урҭ атолтекцәа ҳәа изышьҭаз ракәын. Атолтекцәа Чичен Ица арбгара акәым, маиаа ркультуреи дара ркультуреи еиларҵарц, ақалақьгьы иацҵаны еицдыргыларц рыӡбеит. Атолтекцәа уи рылшеит. А-10-тәи ашәышықәсаз атолтекцәа ркультура Чичен Ица анырра ҕәҕәа азнауит. Адунеи аҿы зегьы еицырдыруеит Чичен Ица иҟоу апирамида Ель Кастилио. Уи маиааи атолтекцәеи еицдыргылаз акоуп. Иахьа уи еиҧш аҧшӡареи, адуреи, аҟазара ҳараки зныҧшуа, адунеи зегь зыршанхо даҽа ргыларак ыҟамзар ҟалап. Аҵарауаа ргәаанагарала, Чичен Ица адуреи амчи ацәыӡуа иалагеит ажәахатәи (XIII-ашә) ашәышықәсазы. Аӡәгьы издыруам уи аилабгара зыхҟьаз. Аибашьрақәа ракәхап ақалақь ду ықәызгаз. Ақалақь ахыжәжәарақәа Мексика аҳәынҭқарра иатәуп, Иунеско урҭ адунеитә культуратә ҭынханы иаҧхьаӡеит. Чичен Ица архитектуратә баҟақәа Чичен Ица иаҵанакуа архитектуратә баҟақәак рбгаӡамкәа иахьагьы иаанханы иҟоуп. Зегь иреиҳау хыброуп Аибашьцәа рныхабаа захьӡу аргылара. Уи иамоуп 1000 шьаҟа зҿаҧхьа игылоу азал ду. Урҭ ашьаҟақәа иҭахаз аибашьцәа рахьӡалоуп ишыргылоу. Аҵарауаа изларыҧхьаӡо ала, Аибашьцәа рныхабаа маиааи атолкетцәеи еицдыргылаз акоуп. Маиаа рхылҵышьҭрақәа, ишдыру еиҧш, астрономиа рнапы алакын. Аеҵәақәа рыхәаҧшреи рыҭҵаареи рзы идыргылеит аобсерваториа. Уи Чичен Ица ақалақь амрагыларахь алоуп иахьыҟоу, мексикаа Каракол ҳәоуп ишьашьҭоу. Каракол Астраномиа адагьы маиаа ампыл асраҿы ирыцназго уаҩ дыҟамызт. Ампыл асра даара ирылаҵәан иҟан. Чичен Ица ақалақь аҟны иҧшаауп ампыл асразы астадион. Чичен Ица аҟны мацара акәымкәа, адгьылбжьахабжа Иукатан ахьынӡа-наӡааӡоз ирацәоуп абас еиҧш иҟоу астадионқәа. Архиологцәа ирыҧшааит 500 рҟынӡа ампыласырҭақәа. Урҭ роурақәа 168 метра инаӡоит, рыҭбаара – 38 метра. Ҳаамҭазтәи ампыласырҭа дуқәа акырӡа иреиҳауп. Астадион иаакәыршаны иҟоу аҭӡамц аҩаӡара 8 метрак инаӡо ишьҭыхуп. Иара убасгьы Чичен Ица иҧшаауп ҩ-ҵеџь дуӡӡак. Руак аҵак ҷыда амоуп, иҧшьоу аҵеџь ҳәа иашьҭоуп. Маиа жәлар араҟа анцәақәа рыхьӡала аҧсаҭатә ҟарҵон, убри ауп аҵеџьгьы иҧшьоу ҳәа хьӡыс изарҭаз. Чичен Ица иҟоу иарбан ргыларазаалакгьы ахатә ҭоурых амоуп. Аха зегь реиҳа аҵакы змоу ҳәа иҧхьаӡоу, Чичен Ица агәҭа игылоу, ақалақьгьы хаҿрас иамоу апирамида Ель-Кастилио ауп. Ель-Кастилио (Кукулкан апирамида). Ель-Кастилио – ари апирамида ахьыҟоу Чичен-Ица ауп. Уи Кукулкан ҳәагьы иашьҭоуп. Кукулкан – жәытәӡатәи символуп, Алада Америкатәи ақәа анцәахәы иоуп. Кукулкан – амҵәыжәҩа змоу (иҧыруа) маҭуп. Ажәытәан Алада Америкатәи ахыл-ҵышьҭрақәа даара пату ақәырҵон иагьацәшәон ари амаҭ. Чичен Ица игылоу апирамида уи анцәахәы ихьӡалоуп издыргылаз. Апирамида ашьапаҿы иануп амҵәыжәҩа змоу амаҭқәа рсахьақәа. Маиааи толтекааи рхылҵышьҭрақәа ақәа анцәахәы Кукулкан зыҧсы ҭоу ауаа рыгәқәа ҭыхны ҧсаҭатәыс изнаргон, уи игәы иахәо ҟарҵарц, ддыргәыбзыҕырц азы. Изырҭаххарыз Маиааи атолтекцәеи ақәа анцәахәы имҵаныҳәара? Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа ишаҳдырбо ала, урҭ адгьылқәаарыхра рнапы алакын: ицәаҕәон, илаҵон, аҽаҩра ҭаргалон. Аҽаҩра бзиа аиуразы, ишдыру еиҧш, иаҭахуп ианаамҭоу ақәеи амра ашәахәақәеи. Маиеи атолтекцәеи ақәа анцәахәы иҳәон ақәа аирурц азы, аҧсаҭатәгьы изааргон. Ель-Кастилио маиаа идыргылаз апирамидақәа зегьы иреиҳауп, зегь реиҳа еицырдыруа иҟоуп. Апирамида ашьапы инаркны ахыцәқәа аҟынӡа 365 шьапықәыргыларҭа змоу ахаҳәтә мардуан аҿаҧсаны иҟаҵоуп. Маиаа иаҧырҵаз амзар инақәыршәаны, ашықәс азы заҟа мшы ыҟоу аҟара иҟоуп ахаҳәтә мардуан ашьапықәыргыларҭақәа рхыҧхьаӡарагьы. Ирҳәоит, марти сентиабри амзақәа раан, амра анҭашәо аамҭазы иџьашьахәу акы убарҭоуп ҳәа апирамидаҿы. Уи – апирамида аҩадахьтәи аганала иамоу амардуан иаҿалан инеиуа агагоуп. Ирҳәоит амардуан иаҿаҳәазаны ихало амаҭ ду асахьа амоушәа уи агага. Аҵыхәтәажәа Ишаҳбо ала, Чичен Ица даара аинтерес зҵоу, иҧшӡоу қалақьуп. Иахьа уи иаднаҧхьалоит хыҧхьаӡара рацәала атуристцәеи археологцәеи. Имаҷым ахыбрақәа араҟа макьана иҭҵаам, археологцәа аус здырымулац. Атуристцәа ирбарц рҭахуп арҭ аҧшӡарақәа зегьы. Ишыҟазаалакгьы, Чичен Ица иаҵанакуа аргыларақәа зегь иамыргәырҕьац, иамыршанхац уаҩ дыҟам.
Download