Дабанхо Адауы
Дабанхо Адауы Аҭҳарцәҳәа ашьха даақәтәеит адауы. Амра иазҿиҭит уаа шьыжьбзиа! Амра ду ааиҿаччеит: – «Бзиара убааит. Абзиара умаз!» Адауы деигәырҕьеит амра ахьиҿаччаз. – «Шьири, шаҟа иссирузеи аҧсҭазаара!» – игәы дааҭахәыцит Адауы. Ишьап дуқәа ашьха илбааиган ажәҩан хыза ааҧхьаршәҭны, ишьапқәа амшын инӡааикылеит. – «Уф шьыр-шьыр, уф- шьыр-шьыр шаҟа ибзиоузеи аҧсҭазаара! Ишҧаҟәандоу амшын шьыжьымҭан». Ацәқәырҧақәа Адау ишьапы дырчыхәчыхәеит, уи иара игәы иахәоит, раҧхьа дҧышәарччоит, нас дыччоит: – «Ҳа, ҳа, ҳа!» Ибжьы заҳаз аҧсыӡ хәыҷқәа еизоит хәыҷы-хәыҷла. Адауы ишьацәкьарақәа инабжьыс-аабжьысуа аҧсыӡ хәыҷқәа аҧхьаӡара иалагоит: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба. – «Ари арҕьа шьапы ауп, хә-шьацәкьыск имоуп», – еибырҳәоит аҧсыӡ хәыҷқәа. Нас еиҭа иҧхьаӡоит: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба! «Ари арма шьапы ауп, аригьы хә-шьацәкьыск амоуп», – нас урҭ еицырҵоит: «Хәба-хәба ацыуҵар иҟалоит жәаба». Аҧсыӡ хәыҷқәа иџьашьаны еибырҳәоит: «Адауы имоуп жәа-шьацәкьыск». Аҧсыӡ хәыҷқәа еиҭах Адауы ишьапсаргәыҵақәа инырцәыҵкураа – аацәыҵкуруаа идырчыхәчыхәуеит, иара уи игәы иахәоит, дыччоит: «Ҳа, ҳа, ҳа!» Аҧсыӡ хәыҷқәа гәырҕьоит, Адауы дууӡӡа дахьдырыччаз. Ус, Адауы амла дакит, аӡба дакит. Уи инап дуқәа амшын инҭишьын қәаб дууӡӡак иакуз инапы азна аӡы итан днахәаны ижәит. Уи ижәуанаҵы аҧша асуан, аҵлақәа гьежьы-гьежьуан иҧсыҧ ахьрысуаз! «Оф шьыр-шьыр,» – игәы иршьышьуан. Аӡы иҿыкәкәоз инапала ирыцқьон. Уи иҿыкәкәоз ацәыкәбарқәа ҵаҟа икаҭәон, ааигәа-сигәа инхоз ауаагьы иџьаршьон, ақәа аузаап ҳәа игәырҕьон. Адауы инап ду амшын инҭишьын аҧсыӡ икырц далагеит, аха аҧсыӡ хәыҷқәа инапы збаз, ишәан ишьапы аҵаҟа рҽырӡеит, иара днапыршьышьуа аимдара даҿын. Аҧсыӡқәа азнык азы рыҧсы рӡеит, аха нас ашьышьыҳәа инцәыҵкур – аацәыҵкуруа инацәкьарақәа рыбжьара иӡсо иалагеит. Урҭ Адауы инапсыргәыҵа дырчыхәчыхәуан, иара дыччон. Ҧсыӡ хәыҷык шҧасзымкри ҳәа дгәыҕуан. Амшын дӡааҧшыло нас еиҭа аччара дналагон: «Ҳа, ҳа, ҳа!» Аҧсыӡ хәыҷқәа инацәкьарақәа ырчыхәчыхәуа ирыҧхьаӡон: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба! Ари Адауы иарҕьа нап, хә-нацәкьыск имоуп Адауы. Адауы уаҳа амла изымычҳан, иарма напы амшын инҭишьын аҧсыӡқәа рыҧшаара далагеит. Деимдеит, деимдеит днапыршьышьуеит, аха ҧсыӡкгьы иҧыхьашәом. Шьыжьхьа аамҭа цеит, шьыбжьхьа аамҭагьы цеит, уаххьа ааигәахоит, амрагьы шьҭа ҵалакашәара инеихьеит. Адауы дгәааит, дҵәыуарц акагь игым. Иаргьы напала деимдоит. Аҧсыӡ хәыҷқәа инапқәа рыбжьара иӡсо ддырчыхәчыхәуеит, иҧсахы ҧжәоит, ддырччоит, аҵсыӡ хәыҷқәа ҧхьаӡоит: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба! Адауы ираҕьа на хә-нацәкьыск амоуп. Хәба иацуҵар хәба иҟалоит жәа-нацәкьыск. Аҧсыӡ хәыҷқәа ирҵоит аицҵашьа. Игәырҕьоит, адауы иахьилахәмаруа. Ус абар Адауы ҧсыӡк импыҵашәеит, дгәырҕьеит адауы ашәагьы иҳәеит. Ибжьы ааҩуеит: «Уаа раида сиуараида, раида гәырҕьахә». Адауы аҧсыӡ амшын иҭиган амра инадкыланы иӡны, нас уи акәхеит али аҧси рыбжьара илбааидеит. «Ари шьыжьхьоуп», – иҳәеит уи. «Ари шьыжьхәуп», – иҳәеит уи. Ари шьыжьбзиан», – иҳәеит уи. Адауы инапы еиҭах амшын иҭишьын дшеимдоз иҧыхьашәеит акалмаҳа. Акалмаҳа Адауы импыҵҵәраар аҭахын, аҽкыднаҟьон, аха уи инап дуқәа ирымпыҵашәаз абацахуаз. Адауы еиҭах аҧсыӡ нышьҭихын амра инадикылан, иӡит. Нас али-иҧси рыбжьара илбааидеит, аха уи иабаизхахуаз. «Ари шьыбжьхьоуп», – иҳәеит Адауы. Ари шьыбжьхәып», – иҳәеит уи. «Ари амш бзиан», – иҳәеит уи. Уи инапы амшын инӡааикылеит, Адауы уи изхомызт, дшымлагоз дымлагон. Аҧсыӡқәа иҟалаз збаз ишәан иблаҟьо, иахьцо рзымдыруа еилан. Адауы уажәы игәы иахәон афатә хаа, дҧышәарччон. Ажәҩангьы ашәаҧшь еиҳа-еиҳа иацралон. Инхазаап уаххьа. Ус еиҭах инапы амшын инҭишьын ахаҳәқәа еилаиргьежьуа далагеит. Амшын ацәқәырҧақәа еиҳа-еиҳа ишьҭыҵуан. Аҧсыӡқәа зегьы ахаҳәқәа ирцәыҵалеит. Аха руак аҽыҵәахра иахьымӡеит, амалаҕәыр рыцҳа импыҵашәеит Адауы. Акыр изхозар абри изхап ҳәа агәахуан амшынгьы. Адауы аҧсыӡ амшын иааҭиган, амра инадикылан иӡит. Нас иаразнак иҟаӡамшәа илбааидеит. «Ари уаххьоуп», – иҳәеит Адауы. «Ари уахатәи схәы ауп», – иҳәеит Адауы. Аха уажәшьҭа бзиа убааит ҳәа иазҳәоз амрагьы амшын дуӡӡа инӡаалеит. Ихәлеит. Изнапык амшын иӡааихит. Аҧсыӡ хәыҷқәа ҧхьаӡоит: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба. Хә-нацәкьыс оуп инхаз игәырҕьон дара. Уажәшьҭа Адауы амшын ишьапқәа ӡааихуан, ишьацәкьарақәа рыҧхьаӡоит: акы, ҩба, хҧа, ҧшьба, хәба. Адауы изшьапык амшын иӡааихит иҭигеит, хә-шьацәкьыск, аҧсыӡқәа еиҭаҧхьаӡоит: хәба, фба, быжьба, ааба, жәба, жәаба, игәырҕьоит, акагьы нымхаӡеит. Адауы ишьапқәа амшын иӡааихит, амшынгьы ааҭынчхеит. Ишьап дууқәа ашьха инықәиҵан, инап дууқәа ихы инаҵаиҵан, аҵх ахыза наиқәиҵан дынҭаҳәахаа дыцәеит. Уи ихәда хыр-хыр ҳәа абжьы гоит. Цәамҭхаа уоуааит Адауы, уаҵәынӡа! Аҧша уи дызгаро ашьха дуқәа ргара арҵысуеит: «Шьышь-нани Адауы, уцәа ҭынчыз аҵх-алҧха уоуааит! Аҧхыӡ бзиақәа убааит! Уаҵәынӡа!
Download