Брунеатә асулҭан ихан
Брунеатә асулҭан ихан Брунеа, Азиа аҟны ҳәынҭқарроуп. Уи Малаизиа азааигәара иҟоуп, Борнеотә адгьылбжьаха аҟны. Аҳәынҭқарратә абызшәа малауртәи ауп. Иара убас Брунеа аҟны ауаа англыз бызшәалеи, китаи бызшәалеи ицәажәоит. Брунеи асулҭан иныҟәигоит. Араҟа алхрақәа ахаангьы имҩаҧысуам. Асулҭани уи иҭаацәеи аҳәынҭқарра зегьы анапхгара азыруеит. Брунеиатә аҳҭны қалақь Бандар – Сери – Бегавани ауп. Брунеиа абылтәи, агази рыла ибеиоуп. Уи аҭира ала аҳәынҭқарра аагарҭа ду рымоуп. Брунеиатә асулҭан иҭахуп, уахь атурист рацәа неигар. Брунеиа аҟны иџьоушьаратә иубара рацәам. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы араҟа аргылара ҧшӡақәа дыргылоит. Брунеа аҟны зегьы даараӡа ибеианы иргылоуп. Аргыларақәа ахьылеи, зыхә цәгьоу ахаҳәи рыла иҩычоуп. Хабалак асасааирҭа ҧшӡақәа ргылоуп. Брунеиа ахь инеиыз атурист ииашаны абеиара даланхоит. Брунеитәи асулҭан Брунеиатәи асулҭан Ҳасан Молкиа иоуп. Асулҭан, аҳ иоуп. Уи Брунеитә аҳәынҭқарра ныҟәигоит. Абылтәы иахҟьаны Брунеи даараӡа ибеиоуп. Брунеитә асулҭан адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа ибеиоу ауаҩы иоуп. Брунеитә асулҭан ибеиара Ишыжәдыруа ала, Брунеитә асулҭан даараӡа ибеиоу уаҩуп. Уи адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа ибеиу дыруакуп. Уи даараӡа зыху цәгьоу амашьынақәеи, аҳаирпланқәеи рацәаны имоуп. Ҷыдала иҧшӡоуп уи ифлыка, уи ала асулҭан иҩызцәа дрыцны амшын ахь лассы дцалоит. Брунеи аҟны зегьы реиҳаӡа зыху цәгьоу уи Брунеитә асулҭан ихан ауп. Уи адунеи аҟны зегьы реиҳаӡа зыхә цәгьоу хануп. Ахан Брунеитә аҳҭнықалақь аҟны иҟоуп. Уи аргылараз 1,4 милиард доллар нырхит. Брунеитә ахан ахьтәы хыб амоуп. Уи аӡҭарчы рацәеи, аамҭа хагараз аҭыҧ рацәеи амоуп. Брунеитә ахан абара зегьы ирылшом. Араҟа Брунеитә асулҭан дынхоит, ахан абара уи исасцәа роуп изылшо. Ахан иаакәыршаны аӡы ыҟоуп. Ахан ҷыдала уахынла иҧшӡоуп. Уахынла уи ахьтәы хыб ақалақь зехьынџьара аҟнытә иубоит. Атуристцәа лассы инеиуеит Брунеитә ахан рбарц. Ари ахан ала атәылауаа зегьы агәдура рымоуп.
Download