Аҧштәы змоу амшынқәа

Аҧштәы змоу амшынқәа   Зегьы ирдыруазар ҟалап адунеи аҟны еиуеиҧшым амшын рацәа шыҟоу. Адунеиаҟны иҟоуп, Аиқәаҵәа, Аҟаҧшь, Ашкәакәа, Аҩажь мшынқәа. Ишәдырыр шәҭахызарҟалап урҭ аҧштәқәа рыхьыӡқәа зрыхьӡарҵаз атәы, изакутә еиҧшымреи ирыбжьоу.Аинтирес шәымазар ҟалап афактқәа, ахҭысқәа амшынқәа ирызкны. Зегьы рзыинҭкааны иҳҳәоит. Шәааи ҳалагап Амшын Еиқәа ала, уи Қырҭтәыла амраҭашәарааҳәаа аҟны иҟоуп. Амшын Еиқәа Амшын Еиқәа шьҭоуп Алада Европеи, адгьылбжьахабжара Ихәыҷу Азиеирыбжьара, уи Европеи, Азиеи еиманадоит. Амшын Еиқәа Атлантатә аокеанаҵакыра иатәуп. Амшын Еиқәа Қьерчтәи аӡыбжьындала иамадоуп Азиатә амшын,Босфортәи аӡыбжьындала – Амармалташьтә амшын имадоуп, Дарданелтәиаӡыбжьахала – Амармалташьтә амшын, Егеостәи амшын иамадоуп –Адгьылбжьаратә Амшын. Амшын Еиқәа фтәылак рыдгьылқәа рҟны иҟоуп, ахадараду змоу ароль нанагӡоит урҭ ркультуреи, рполитикеи, рекономикеи аҧсҭазаарааҟны. Амшын Еиқәа ажәытә Понто ахьӡын, Понтотәи амшын анавигациа азы иҽеимзт,убри аҟнытә ажәытә абырзенцәа амшын “Асасбзиадзымбо” амшы ахьӡырҵеит. Ахаакыр аамҭа ашьҭахь абырзенцәа амшын рхы архәара рылшеит, ахьыӡгьырыҧсахит, “Асасбзиадызбо” амшын ахьӡырҵит. Ишәдыруазар шәҭахызар ҟалап Амшын Еиқәа уажәы изахьӡи Амшын Еиқәа, аӡыуаҟа ианиеҵәоу? Аинтирес амоуп избан, ианба, ари ахьӡ иззахьӡырҵаз? Абрииазкны, иҟоуп иакым агәаанагарақәа. Аус зыхьҟьаз уи ауп, Амшын Еиқәа аӡыеснагь иеҵәам. Аӡын, аҧша хьшәашәа анасуа, аӡы аҧштәы хәашьы аиыуеит,идууӡӡоу аҵәымаҕҧшра змоу ацәқәырҧақәа аҟәара иасуеит. Убри аҟнытә уиАмшын Еиқәа ҳәа иашьҭоуп. Аха иҟоуп уи еиҧшым гәаанагарак Амшын Еиқәаахьыӡ иазкны. Иҟоуп агәаанагара, ашәышықәсабжьаратәи аамҭазы аҭырқәабызшәа аҟны аҧштәқәа иаадырҧшуан агеографиатә анеирақәа, “Аиқәаҵәа”иаанырҧшуан “Амрагылара”. Иара убас иҟоуп агәаанагара ахьыӡ иахылҵитанаҟәеи, аҧҭақәеи рыҧштәы ҳәа. Амшын аҟны лассы ихылоит анаҟәеи, аҧҭаеиқәаҵәеи, уи ацәқәырҧеисра ҟанаҵоит. Усҟан амшынгьы еиқәаҵәахоит,аҧҭақәеи, ацәқәырҧеисреи аан Амшын Еиқәа иаанахоит даараӡа еиқәаҵәоуаҧштәы, убри аҟнытә уи иаиыуит ахьыӡгьы “Амшын Еиқәа”. Шьоукых ирыҧхьаӡоитАмшын Еиқәа уи иахырҵеит, уи еиҳа ихәашьуп Амармалташь мшын аасҭа.Амармалташь мшын аҧштәы иаҿырҧшны уи иахьӡырҵит Амшын Еиқәа. Даҽагәаанагарак ала, уаанӡа Азовтәи амшыни, Амрагыларатә аҟәара аҟны инхониндиатә ахылҵшьҭра Меотааи, Синдиааи. Арҭ рцуҭа Амшын Еиқәа иашьҭан“Ҭемарун” ҳәа, уи Амшын Еиқәа аанагоит. Асквиҭцәа ари амшын “Амшын хәашьы”ҳәа иашьҭан. Иҟоуп агәаанагара аиашазы ари ажәытәӡатәи ахьыӡ иахылҵыз аупиахьатәи ахьыӡгьы, уи жәиҧшьтәи ашәышықәсазы ишьақәыҕәҕәеит еснагьтәны. Амшын Еиқәа егьырҭ амшынқәа ирылукаауа мшынуп. Амшын Еиқәа аӡы аҵәыҵәримаҷ амоуп. Аҵәыҵәри азымхара иахҟьаны амшын ақәыҧшыреи, ҵаҟатәиаҿыгҳареи рыбжьара аӡы анеиааира даараӡа имаҷуп адунеи егьырҭ амшынқәараасҭа. Убри аҟнытә аҵәыҵәри азымхара ҵаҟатәи аҿыгҳара аҟны амшын ари аҭыҧахархәара амам, ақтивра амам. Иара убас амшын ҵаҟатәи аҿыгҳара еиҧшыматемпературеи, аҵәыҵәри ахьыҟам азы, иаҳҧылар ҟалоит ашәышықәсақәа раҧхьаиӡааҟәрылаз аҕбақәа ирцәынхаз, ари аҕба аҟны иҟаз амаҭәақәеи, урҭ иахьанӡагьыиаанханы иҟоуп. Уи еиҳагьы, ари аган ала Амшы Еиқәа маҷк ишәарҭоуп, избанзариӡааҟәрылаз ауаагьы рцәа-ржьы акгьы ахьуам, амшын аҟәара аҟны лассыирбахьеит иҧсхьоу ауаа рыҧсыбҩа. Амшын Еиқәа иалкаауп иамоу адгьылбжьаха рацәала. Амшын Еиқәа аҵакыра аҟныдаараӡа иҧшӡоу адгьылбжьаха рацәа ыҟоуп. Арҭ адгьылбжьахақәа рҿыиџьашьахәу ашәаҧыџьаҧ амоуп. Арҭ адгьылбжьахақәа атуристцәеи, аҧсшьаҩцәеизегьы реиҳа бзиа ирбо ҭыҧқәоуп. Амшын Еиқәа иџьоушьаша даҽа ҟазшьак амоуп, уи амшын зехьынџьара аиҟрараауп. Амшын аҳракыра аҽаҧсахуам Амшын Еиқәа аҟны, избанзар амшын иамамидууи, имҷуи анеирақәа, урҭ ирыҧсахуан амшын аҳракыра. Зҽызымҧсахуа амшынаҳракыра аҟнытә, амшын ақәыҧшыра еснагь иҭынчуп. Амшын Ҩажь Амшын Ҩажь Аҭынч аокеан аҵакыра иатәуп. Уи шьҭоуп Кореатәадгьылбжьахабжареи, Китаии рыбжьара. Амшын Ҩажь ахьыӡ аиыуит аӡиас Хуанхеаҟнытә, уи “Аӡиас ҩажь” аанагоит. Абри аӡиас амшын ахь инанагоит даараӡаирацәаны ахьҧштәы ҧслымӡ: уи амшын аӡы аҩажьҧштәы анаҭоит. Амшын Ҩажьхтәылак рҟны иҟоуп: Алада Кореиа, Аҩада Кореиа, Китаи. Амшын Ҩажь идыруп аҧсыӡ хкы рацәала. Уи ахадара ду змоу аҧсыӡкыратә ацентрауп. Иара убас Амшын Ҩажь дыруп еиуеиҧшым аҧсаатәмҩас ахкы рацәала. Амшын Ҩажь иҵааулоу мшынӡам. Амшын Ҩажь аҵааулара 152 метр иҟоуп, ахаиалукаауеит идуу, иласу ацәқәырҧақәа рыла, иара убас анеиаара ласы ала. Зны -зынла ацәқәырҧақәа рынеиааира аласра 20 км.сааҭк иҟоуп. Аиашазы уиаҵааулыреи, ирҵҵаку анеиааиреи алшара ду ҟанаҵоит аҧсыӡ хкы рацәа аҿиараз. Амшын Шкәакәа Амшын Шкәакәа атәы шәаҳахьазар акухап. Амшын Шкәакәа аҟынгьы аӡы иаҵәоуп.Амшын Шкәакәа амрагылара аҟны иҟоуп. Уи Амрагыларатәи Иҵааршәу аокеаниатәуп. Аӡын Амшын Шкәакәа зегьы ҵаауеит. Убри аҟнытә азы ауп уи ишаиыуызАмшын Шкәакәа ахьыӡ. Амшын Шкәакәа аҟны ақәыҧшыра аҭагылазаашьа даараӡаиуадаҩуп. Атемпература ноль аҵкьыс илаҟәны 20 аҟнынӡа илеиуеит… Иҟалахьеиуи 40 градус ианылаҟәхахьоугьы. О иеҳаны атемпература аҩада имхалацт. Амшын Шкәакәа Урыстәыла иҟоуп. Уи ахадара ду змоу атранспорттә мҩоуп.Амшын Шкәакәа аҟны иҟоуп ахадара ду змоу абаҕәаза Архангельск. Архангельскдаараӡа ижәытәӡоу баҕәазоуп, аҭоурых ала уи ажәытәын ахәуаахуҭратә ацентрҳәа иашьҭан Урыстәыла. Амшын Шкәакәа аҟны даараӡа ишыхьҭоу, аӡын аӡышҵаауагьы даараӡа иҧшӡоу аҧсыӡқәа нхоит. Амшын Ҟаҧшь Амшын Ҟаҧшьы аҧштәы иаҵәа амоуп, аха уи ақәыҧшыра аҟны зны -зынлаицәырҵуеит аӡыҵиаа ҟаҧшьқәа, усҟан аӡы ақәыҧшыра аҧштәы ҟаҧшьыиаанахоит. Ахьыӡ иазкны еиуеиҧшым агәаанагарақәа ыҟоуп. Иаҳҳәап, шьоукыргәы иаанагоит, ари ахьыӡ Егьыпт азааигәара иахьыҟоу азы иаиыуит ҳәа.Аегьыптцәа Амшын Ҟаҧш аҟны иҟаз адгьылбжьахабжара “Адгьыл Ҟаҧшь” ҳәаиашьҭан ажәытәан. Амшын “Адгьылбжьахабжара Ҟаҧшь” иахьаҳәаау азы,амшынгьы аҟаҧшь ахьӡырҵеит. Ахьыӡ ахьынтәаауа иазкны, даҽа версиак ыҟоуп.Ари аверсиа шьаҭас иамоу, ажәытәан аҧштәқәа географиатә анеира аадырҧшуан.Аҧштәы ҟаҧшь иаанырҧшуан Алада, Амшын Ҟаҧшь иаанагоит Аладатә амшын.Ишәгәалашәозар ҟалап хыхь ҳалацәажәеит Амшын Еиқәа ахьыӡ ахьынтәаауа азы,уи еиҧшу аверсиа ауп … Амшын Ҟаҧшь ыҟоуп Индиатә аокеан аҟны, Арабтәи адгьылбжьахеи, Африкеирыбжьара. Уи Азиеи, Африкеи рыбжьара иҟоуп. Амшын Ҟаҧшьы жәтәылакирҳәаауп: Егьыпт, Сомали, Судан, Иемен, Израиль, Џьибути, Иорданиа, СаудтәиАрабтәыла, Еритриа. Амшын Ҟаҧшь ахадара ду амоуп ажәтәылак рыхәуаахуҭратәаимадарақәа рзы. Уи жәларбжьаратәи аидрамҩангареи, атранспорти рзы ахадараду змоу центруп 1869 шықәса ианркны, Суецтәи аканал анаадырт ианркны. Амшын Ҟаҧшь атуристцәа ринтирес амоуп. Амшын Ҟаҧшьы аҟны аҧсшьараашықәс зегьы иҟалоит, аха аҧхын даараӡа ишоуроуп. Аҧхын аӡы атемпература 27грыдус иҟоуп. Аӡын аӡы атемпература 21 градус иҟоуп. Амшын Ҟаҧшьы дыруп иҧшӡоу, екзотикатә адгьылбжьахақәа рыла. Амшын Ҟаҧшьаҟны 25 адгьылбжьахақәа ыҟоуп. Арҭ аҭыҧқәа зегьы иериҕьӡоу ҳәа иҧхьаӡоупахӡааҟәрыларазы. Ахӡааҟәрылаҩцәа адунеи зехьынџьара аҟнытә арахь иаауеит. Амшын Ҟаҧшь иалукаауеит аҧсыӡ хкы рацәала. Уаҟа зқьыла аҧсыӡ хкы ыҟоуп.Иара убас еиуеиҧшым амшын ҵиаақәа амоуп, урҭ амшын аҵа иҧшӡаӡоу ҭыҧныиҟарҵоит.  
Download