Аҵаа ақәшьқьраара

Аҵаа ақәшьқьраара   Аспорт аҟны Аҵаақәшьқьраа, даараӡа иҧшӡоу хкуп. Ари аспорт аҳәсеи, ахацәеи алахәуп. Урҭ зны-зынла хазы-хазы ишьқьразуеит, зны-зынла еицны, Аҵаақәшьқьраа иахәаҧшуа рызгьы азҿлымҳара амоуп. Аспортсменцәа даараӡа иҧшӡоу ахәҭақәа, аҧареи, сальтои ҟарҵоит ашҭа аҟны. Урҭ ршьапы иҷыдоу аимаақәа ашьоуп. Арҭ аимаақәа каньки ахьӡуп. Аҵаақәшьқьраара раҧхьаӡа 13 тәи ашәышықәсазы Амрагыларатә Европа атәылақәа рҟны иалагеит. Раҧхьатәи аицлабра Нидерланды имҩаҧысит. Анаҩс ари аспорт ахьыӡ адунеи зегьы ирдырит. Еиқыршәан аспорттә аилакра, уи 60 тәыла алахәын. Арҭ атәылақәа ессышықәса илахәын аҵаақәшьқьраа аицлабра аҟны. Аицлабра аҵаақәшьқьраа аҟны аӡынтәи аолимпиадатә ахумаррақәагьы ирылахәуп. Еицлабрак хымш инаӡоит. Ҽнак аҵаақәшьқьрааҩы зынык дықәгылоит. Икьаҿу ақәгылара. Уи 2 минуҭк ицоит. Аҩбатәи ақәгылара еиҳа еиҳауп, 3 минуҭк еиҳаны ицоит. Ахҧатәи ақәгылара зхыиақәиҭу ақәгылара ауп. Аспортсменцәа ирылшоит рхатәы иҷыдоу апрограмма анагӡара. Урҭ раамҭа ҧкым. Аҵаақәшьқьрааразы аҵаа ашҭа аура 70 метр иҟазар ауп, аган 30 метр. Аҵаа ашҭа аҟны аицлабра иалагаанӡа аӡыцқьа ықәырҭәоит. Аӡы аҵаа арҟәымшәышәуеит аҵаақәшьқьрааҩцәа еиҳа еиҕьны иқәшьқьраауеит. Аҵаақәшьқьраара ацәеижьы арҕәҕәоит. Ахәыҷқәа алергиа аҟнытә иахәшәтәуеит. Аҵаа ашҭа аҟны даараӡа ихьҭоуп, аха араҟа аӡәгьы ахьҭа илалом. Аҵаақәшьқьраара аҵара ахәыҷқәа 3 шықәса ианркны иалагоит. Аҵаақәшьқьрааҩцәа аҵаа аҟны ақәшьқьраара рҵоит, нсгьы аамҭа рхаргоит, Ари аспорт ахкы ауаа рацәа бзиа ирбоит. Аҵаа ақәшьқьрааратә аспорт даараӡа ихырҳагоуп.
Download