Адунеи аҿы зегьы еицырдыруа ашьапылампыл астадион

Адунеи аҿы зегьы еицырдыруа ашьапылампыл астадион   Ашьапылампыл ари спорттә хкуп. Ашьапылампыл бзиа избо ауаа рацәаҩуп. Ауаа бзиа ирбо акомандақәа хьаас ирымоуп. Ашьапылампыл ахәмаррақәа мҩаҧыргоит астади-онқәа рҿы. Астадион шьақәгылоуп ашьапылампыл адәи ахәаҧҧшцәа рҭыҧи рыла. Адәы наӡоит ҧшьынеижәи жәаба, шәи ҩажәа метра. Астадионқәа шәагаала еиҧшӡам. Еицырдыруа ашьапылампыл астадионқәа шәагаала иалкаауп. Урҭ еиҳарак бзиа ирбоит ашьапылампыл ахәмарра хьаас измоу. Еицырдыруа ашьапылампыл асраз астадионқәа рҿы иреиҕьӡоу ашьапылампыл асцәа хәмаруеит. Ус еиҧш иҟоу еицырдыруа астадионқәа ыҟоуп Бразилиа, Италиа, Германиа, Испаниа, Англиа. Маракана «Маракана» ари даара идуӡӡоу стадионуп. Иара, Рио де Жанеиро Бразилиа Аладатәи Америка иҟоуп. Адунеитә чемпионат ҧшьышықәса рахь знык имҩаҧыргоит. Убри аҟынтә аҵакы ду амоуп. Ачемпионат иалахуп еизго акомандақәа еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә. Зқьи жәшәи ҩынеижәа жәаба шықәса азы адунеитә чемпионат Бразилиа имҩаҧган. Убри ачемпионат азы идыргылеит астадион «Маракана». Уи зеқьҩыла аусуцәа идыргылон. Уи аамҭазы «Маракана» зегьы иреиҳаз стадионын. Уи иакуан шәи ҧшьынеижәи акы нызеқьҩык. Актәи атурнир афинал аҿы еиқәшәеит Бразилиеи Уругваии реизгақәа. Астадион ашҟа иааит шәи ханеижәи жәиҧшь нызеқьҩык ауаа. Ахәмарраҿ аиааира ргеит Уругваи. Урҭ чемпионхеит. Бразилиаа рзы «Маракана» ари иҷыдоу ҭыҧуп. Идыру акоуп, урҭ даара бзиа ирбоит ашьапылампыл. Ари астадион аҿы ихәмархьеит даара еицырдыруа ашьапылампыл асыҩцәа – Пеле, Гарринча, Ромарио, Зико уб. егьырҭгьы. Пеле ашьапылампыл акраал ҳәа дыҧхьаӡоуп. Пеле изы ари астадион ҷыдоуп, бзиагьы ибоит. «Маракана» иара азеқьтәи ампыл амба иҭаиршәит. «Маракана» имҩаҧыргоит акон-цертқәа еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа. «Маракана» ашәа рҳәон агәыҧ Роллинг Стоунз, Френк Синатр, Мадонна. Ашьапылампыл астадион аҿы имҩаҧырго аконцертқәа даара агәаҧхара рыҵоуп. Уи иалахуп зеқьҩыла ауаа. Уажәы астадион «Маракана» аркуп. Уа аремонттә усурақәа цоит ҩнызқьи жәиҧшь шықәса ачемпионат азы. Адунеитә чемпионат ашьапылампыл азы Рио де Жанеиро иҟалоит. «Маракана» еиҭах иаднакылоит адунеитә чемпионат хәмаррақәа. Сан Сиро Ашьапылампыл астадион «Сан Сиро» Италиа ақалақь аҿы Милан иҟоуп. Ари Италиа зегь иреиҳау стадионуп. «Сан Сиро» ҧшьынеижәи хәба нызеқьҩык ахәаҧшцәа акуеит. Италиаа уи даара бзиа ирбоит. Ари астадион аҿы ихәмаруеит ашьапылампыл акуб дуқәа ҩба: «Милан», «Интер». «Милани», «Интери» ари еицырдыруа италиатәи командақәоуп. Астадион иара убас «Џьузеппе Мецца» ҳәа ахьӡ рҳәоит. Џьузеппе Мецца еицырдыруа шьапылампыл асҩын. Уи Интер аҿы дыхәмаруан. Астадион ҩ-хьӡык амоуп. – «Сан Сиро» «Џузеппе Сецца». Интересуп «Милан» азгәыбылҩцәа «Сан Сиро» ҳәа азырҳәоит «Интер» азгәыбылҩцәа Джузеппе Мецца ҳәа азырҳәоит. Ишаҧу еиҧш, Сан Сиро еиқәшәоит «Милани», «Интери». «Милани», «Интери» реиндаҭлара «Мадо-нина» ҳәа иашьҭоуп. «Милани» «Интери» рматчқәа рзы иаартын Сан Сиро астадион зқьи жәшәи ҩеижәи жәба шықәса азы. Ахәмарраҿ иаиааит «Интер» фба-хҧа ачко ҳәа. Камп Ноу «Камп Ноу» Барселона ашьапылампыл астадион ауп. Барселона Испаниа иақалақьуп. «Камп Ноу» испан бызшәала иаанагоит «иҿыцу астадион». Уи Барселона ашьапылампыл аклуб иастадионуп. Уи шәнызеқьҩык ауаа акуеит. Убри аҟынтә Европа зегьы аҿы зегьы иреиҳау стадионуп. Ашьапылампыл аклуб Барселона иҕәҕәоу командоуп. Иахьазы Барселона ихәмаруеит: Лионель Месси, Андрес Иньеста, Жерар Пике убас егьырҭгьы. Барселона азгәбылҩцәа даара ирацәоуп. Лионель Месси иахьатәи аамҭазы зегь реиҳа иҕәҕәоу шьапылампыл асыҩс дыҧхьаӡоуп. Камп Ноу еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа аконцертқәа мҩаҧыргахьеит. Маикл Джексон, Френк Синантра, Хулио Иглесиас, Лучано Поваротти, Хосе Коррерас реиҧш «Камп Ноу» астадионаҿ ашәа рҳәон. «Камп Ноу» даҭаахьеит Папа Римтәи Иоанн Аҩбатәи. Папа Римтәи акотоликцәа реиҳабы иоуп. Иара даара анырра ду имоуп. Иоан Павел Аҩбатәи Барселонатәи афанклуб шә-нызқьи аба лахәылас дҟалеит. «Камп Ноу» хәиаҵәак змоу стадионхеит. Сантьиаго Бернабеу «Сантьиаго Бернабеу ари Мадрид ашьапылампыл астадион ауп. Мадрид Испаниа иаҳҭнықалақьуп. Ари астадион аҿы ахәмаррақәа мҩаҧнагоит ашьапылампыл аклуб «Реал». Сантьиаго Бернабеу ашьапылампыл «Реал» президентс дыҟан. Убри аҟынтә астадион ихьӡ ахырҵеит. Испаниа зегь иреиҳауп «Камп Ноу» астадион. «Сантьиаго Бернабеу» аасҭа, аха Испаниа егьырҭ астадионқәа иреиҳауп. Иара ҧшьынеижәа нызқьи ҧшьышәҩык акуеит. «Реал» Европа зегь раасҭа иҕәҕәоу командақәа ируакуп. Уаҟа ихәмаруан: Икер Касильиас, Криштиану Роналду, Кака уҳәа убас иҵегь. Астадионаҿ иҟоуп иҷыдоу ауада. Уи ауадаҿы иҵәахуп «Реал» аҳамҭақәа зегьы. Европатәи Ачемпионат жәкубоки, Испаниатәи алига ҩеижәи жәаҩа кубоки. Ари ауада иахьӡуп «трофи рум». «Трофи Рум» англыз бызшәала иаанагоит «аҳамҭақәа руада». Ҳамҭазтәи «Сантьиаго Бернабеу» атехника ҿыц амоуп. Астадионаҿ аус руеит ҩ-нызқьи хәышәҩык. Убри аҟынтә астадион зеиҧшыҟам акоуп. Уембли Ашьапылампыл Англиа азежәтәи ашәышықәсаз иҟалеит. Убри азы англиаа ҷыдала ашьапылампыл бзиа ирбоит. Дара рзы ашьапылампыл ахәмарра аҵкыс еиҳауп. Ашьапылампыл англиаа рзы милаҭтә гәадуроуп. Англиаа ашьапылампыл аҿиара хшыҩзышьҭра ду арҭоит. Ашьапылампыл астадион «Уембли» Лондон иҟоуп. Лондон Англиа иаҳҭнықалақьуп. Астадион «Уембли», «Уембли Ҿыц» ҳәагьы иашьҭоуп. Ари зегь реиҳа зыхә ҳаракыу стадионуп адунеиаҿ. Астадион «Уембли» аашә миллион фунт ирызтәеит. Уи ишьақәнаргылоит миллиардки ҩнеижәи жәибжьи (бжаки) миллион доллар, ақьырҭуа валиута ала ҩ-миллиардки бжаки лари. Астадион «Уембли» ҧшьынеижәижәаба нызеқьҩык акуеит. Астадион «Уембли» еизгоу Англиа хәмаруеит. Ари астадионаҿ имҩаҧган еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа рконцертқәа. Зқьи жәшәи ҧшьынеижәи фба шықәса азы илегендахаз арок гуҧ «Куинн» аконцерт мҩаҧган астадион «Уембли» аҟны. Уаҟа иҟан жәанызеқьҩыла ауаа.
Download