Ашьхыци аӡыркуи

Ашьхыци аӡыркуи   Ашьхыц хәыҷ ааҧса-кара ахәылбыҽха ианыхынҳәаз амитә абеит. О, уара ари амитә иҧырны иаауа закәызеи? Иаркы-иаркы ирцәҳәа аӡыркәи хәыҷӡа аҳауа иалан. – Шәсыцхрааҳәа иҳәҳәоушәа агәы иабеит. – Анаџьалбеит, рыцҳарак иақәшәеит, абааҧсы, аҩызцәа, шәабаҟо, ҳҩыза ацхыраара аҭахуп. Амца акит. Амца. Ибылуазар ҟалап. – Аӡы! Аӡы! – Имбли, уажәшьҭа ҧсыхәас иамои рыцҳа! Инахьӡан аҩыза алабжышқәа нақәнаҭәеит. Аӡыркәи акьатеих-ҧыҵәҵәо иччоит, иазеилкаауам. Қәа, уам. Сы ауам, иабаантәааи арҭ ацәыкәбарқәа? Абар ашана, иҿыҭуа иашьҭоуп ашьхыц хәыҷ. – Умшәан сашьа! Умшәан, уҧсы сара еиқәсырхоит! Сыҩныҟа узгап, уаҟа сҩызцәа ацәацқьа уқәырҵап ухьаа хҽырц, ухәра ацха ақәаҳҵап уҧсы еиқәҳархоит. Умшәан, сашьа хәыҷы. Ара сыҟоуп! Аӡыркәи иазеилкаауам иаҭахыу ашьхыц! Ишеишьҭаз мацара иааилахәлеит. Ашхыц хәыҷ аӡыркәи ишашьҭаз, иааҧсан ашьац инылашәеит. Агәы нҭыҧсааит ашьхыц, аӡыркәи блыз џьашьаны, аҭәҳәара иалагеит ахәра ахьаа хнаҽырц. – Аӡыркәи ҵәыуазу, иччозу азеилымкааит. Аха аҧсы ҭоуп. – Аҩызцәа, шәҳацхраа. Аха ҷыҭбжьы ыҟам. Ус, аӡыркәи иҟалаз азымбатәбарахан, ашьхыц хәыҷ инахәаҧшит. – Уара уазусҭада? – Сара ашьхыц хәыҷ соуп! – Уара? – Сара аӡыркәи соуп! – Иухьзеи? Амца укуп, узблыда? – Мап сашьа, сара акгьы смыхьӡеит, ари алашара хәыҷ агәыҕра зцәыӡхьо рзы аҵыхәтәантәи лашароуп. Уи алашара збаз, иашьҭалаз, уара уеиҧш ирацәаҩхоит, сара уи аҵыхәтәантәи агәыҕра соуп ҳазшаз иуиҭо лашароуп, убри алашара хәыҷ згоит, Ҳазшаз иахь амҩа дсырбарц. Уи амҩа аҧшаара краҭахуп, аха уа уаннеилакь Ҳазшаз иаҿа иануп уара еизуго ацхарпа, аҧсҭазаара ацхарпа агьама здыруа уажәы уаразаҵәык уоуп ара адгьылаҿ. Сара уи ахьыҟо алашара дсырбоит. Уи алашара ду иацназго адунеиаҿ акгьы ыҟаӡам. Аҧсҭазаара алашара азыркәа агәоуп. Сара, уи алашара ду агәеисра ашәа сҳәоит! Аҧсҭазаара ашәа Агәаҧхароуп! Иҭабуп – уара! Уара угәаҧхара, сара сымч ҭанаҵоит, исзыҧшу рҿы снаӡарцаз. Уи ргәаласыршәоит агәаҧхара зхашҭхьо, изцәыӡхьо. Уара угәаҧхара сыцуп, сара уи даҽаӡәы исҭоит, абас еимаҳдоит уи адунеи зырлашо алашара хәыҷ.
Download