Ан Тереза

Ан Тереза   Алагалажәа Шәарҭ ишәаҳахьазар ҟалап Ан Тереза илызкны. Ан Тереза аҭоурыхтә хаҿуп. Уи 20 тәи ашәышықәса аҩбатәи абжаразы аус луан. Ан Тереза лыҧсы шҭаз Ацқьа лоупҳәа дрыҧхьаӡон, аха официалла уи лыҧсра аамышьҭахь иланаршьеит. Иара усгьы дызлалукаауазеи ари аҧҳәыс? Шәааи иаҳдырп уи лыҧсҭазаара. Лыҧсҭазаара аҭоурых Ан Тереза диит 1910 шықәса, нанҳәамза 16, ақалақь Скопиа аҟны. Уи лҭаацәа акыр змаз Албаниатә акатоликцәа ракун. Уи лыӡӡахратә хьӡыс илыман Гонжа – Агнеса. Аӡҕаб лҭаацәа анцәадхазҵоз ақьырсианцәа ракун. Ессыуаха аҭаацәа зегьы асасдкыларҭа ауаҭах аҟны еизон, анцәа иҳәон. Мчыбжьык знык ан лхылҵ лыманы ахәшәтәырҭа ахь днеиуан. Ан ахәшәтәырҭа ахь амаҭәеи, афатәи налгалон. Ан илҭахын лхылҵ абзиара аҟаҵара длырҵарц, ауадаҩреи ацәгьареи иҭагылоу рзы абзиабара аадырҧшларц. Уи лассы лхылҵ иралҳәон “Шәарҭ шәынасыҧ иакит, аҩны ду, иҧшӡоу аҟны шәынхоит. Шәарҭ афатә шәымоуп, амаҭәа, акгьы шәыгым. Аха иҟоуп ахәыҷқәа, измам афатә, ирымам амаҭәа. Арҭ ахәыҷқәа анчмазаҩхалак, изхылҵыз урҭ рыхәшәтәраз аҧара рымам”. Гонжа – Агнес хәыҷы ибзианы илгәалашәон лан лажәақәа. Гонжа – Агнеса иреиҕьӡаз аҵаҩы лакун. Уи илахҿыхыз, азҿлымҳара змаз ӡҕабын. Уи еснагь шьоукы дрыцхраауан. Гонжа – Агнеса активрала далахуын акласс ианхыганы иҟаз аҧсҭазаара. Уи агәыҧ аҟны ашәа лҳәон, акьатара алырҳәон, ажәеинраалақәа лыҩҩуан. Агәырҵҟәыл ду змаз ахәыҷы лаҧҵамҭақәа ркьыҧхьуан аҭыҧынтәи агазеҭ адаҟьақәа рҿы. Гонжа – Агнеса лаб аҭаацәа ргәы рҽанымкуа дыҧсит. Аҭаацәа аматериалтәи, адоуҳатәи ауадаҩрақәа ирықәшәит. Аха Гонжа – Агнеса лан анцәадхазҵоз, иҕәҕәаз ҧҳәысын. Уи ауадаҩрақәа рҿагылара лылшон. “Сан еснагь иаҳлырҵон, аҕарра иҭагылоу ауаа рзы ҳныҳәаларц, ҳрыцхрааларц. Убри азын саб иҧсра аамышьҭахьгьы ҳарҭ ирыцҳахаз ҭаацәарамхеит. Ҳарҭ ҳџьауси, ҳныҳәареи ала амчра шҳамаз ҳбон, уи акыр иаҧсан”, – илгәалашәоит Ан Тереза. “Ҳара ҳқалақь аҕар нхаҩцәа ҳара ҳаҩны аҭыӡҭыҧ рдыруан. Ҳара ҳаҩны аҟнытә знапы ҭацәыз аӡәгьы ддәылымҵыцызт. Еснагь ҳара аӡәы дҳацны крифон. Урҭ ауаа ари адунеи аҟны рыҧсҭазаара ада акгьы змамз ракун”. Анцәаихаҵаратә аҧсҭазаара алагара Агнес 12 шықәса анылхыҵуаз илыҵбит, лхы анцәаихаҵара иазылкырц. 18 шықәса лхыҵуан, Ирландиатә акатоликатә аорден данаднакылаз, уи амессионертә амаҵура Индиа иалагон. Уи инаркны лара лан длымбит. 21 шықәса лхыҵуан аберҧҳәыс анлакухаз. Хьӡыс иалылхит Тереза, Ацқьа Тереза Лизтәи лаҳаҭыр азы. Уи Ацқьа амиссианерцәа рыхьчаҩы ҳәа дыҧхьаӡан. 22 шықәса анылхыҵуаз Ан Тереза арҵаҩыс аусура далагеит Колкутатәи иакымкуа ашколқәа рҿы. Ашкол директорсгьы дыҟан. Иаарласны зегьы аҽаҧсахит. Ари 1946 шықәса иҟалит, Дарџьилинг, Гималаи ашьапы аҵаҟа. Ан Тереза егьырҭ аберҳәса дрыцны адәыҕбала дцон. Адәыҕба даараӡа иҭәын азы ашьшьаҳа ицон. Ан Тереза илбон амҩақәа зегьы арыцҳацәа рыла ишҭәыз. Реиҳарак афатә аху рымаӡамзт, амҩақәа рҟны иҧсуан амлакра иагон. Ан Тереза илбон анацәабзиабарала ргәқәа рҟны ишкыдҿарҳәоз рхылҵ. Рхылҵ амакра амшала иҧсуаз. “Еилыскааит Анцәа сара сыҟнытә даҽа акы дшазҧшыз. Еилыскааит сара мап сҳәар акун иҭынчыз аберҧҳәыс лыҧсҭазааразы, адәахьыҟа сдәылҵыр акун, иҕарыз ауаа рахь. Арҭ ауаа аҳәара шаҭахугьы рыздыруамзт. Арҭ ауаа ацәыуарагьы рылшомзт, избанзар алаҕырӡ рымаӡамзт. Арҭ ауаа сара сныҟәара аан Анцәа исирбит, исеиҳәит, урҭ сара бзиа избар акун …” Ан Тереза 1950 шықәсазы “Агәшаҭатә аорден” шьақәлыргылеит. Уи лзы ихықәкы хадан арыцҳара змоу ауаа рыцхыраара. Илыхәшәтәуан милаҭи, адини, араса еилымхкуа ауаа зегьы. Аҵара длырҵон аҕар хәыҷқәа, ачымазыҩцәа дырхылаҧшуан. Аҿкы змаз дырхылаҧшуан, усҟантәи аамҭазы уи згәаҕьуаз ауаа даараӡа имаҷын. Аиҿкаара аус иаарласны Индиатә аҳәаа иахысит, адунеи аҟны Ан Тереза агәшаҭа дыргас дҟалит. Ацхыраара Ан Тереза лассы илҳәалон, иҵабыргу абзиабара ацәанырра ада изыҟалом ҳәа. Аҧҳәыс илцәыуадаҩын аҕарцәа рыцхыраара. Избанзар арҭ ауааҧсыра реиҳарак ачымазцәа ракун. Урҭ ацхыраара рҭахын. Ан Тереза илыӡбит арҭ ауаа рзы раҧхьатәи ацхыраара амҩагашьа лҵарц. Лара икьаҿыз акурсқәа дырхысит, агәыр ҟаҵашьа лҵеит, ахура аҿыӡәӡәареи, аҿаҳәашьеи. Акурсқәа данрылга аамышьҭахь Ан Тереза Калкутатәи ахықәа ахь дцеит. Аберҳәса иџьаршьон, излалылшоз ахатәгәаҧхаҩы, аҧхареи, аҭаацәара беа аҟны иааӡаз аҧҳәыс, лхатәы ҧсҭазаара абас еиҧш иҟаз аҭыҧ аҟны лхагара. Ан Тереза лхаангьы аинтервиу аӡәгьы илҭомзт. Уи аамҭа лара илымамзт, избанзар аҕарцәеи, ачымазцәеи лызҧшын. Уи даараӡа ирацәаны аҧареи, аҳамҭақәеи лгон ибеиаз ауааи, аиҿкаарақәеи рыҟнытә, уи зегьы иаразнак инылхуан агоспиталь аргыларазы, ахәшәи, афатәи аахуаразы. Уи илҳәалон: “Ауаа ирҳәо ахадара амаӡам, Уара ууыс наугӡалар ауп.” Ессымшатәи аҧсҭазаара “Исыҭ алшара сара сыбзиабара ақадагьра акум, сара сыҧсҭазаара аҧышәа ашьақәырҕәҕәара, сцәаынрра амчра ала, сара инасыгӡо сусқәа рнырра иснаҭоит, абзиабара, иамоу аҵааулара зегьы рыла, сара сгәы аҟны алашара ҟазҵо” Ан Тереза ессқьынагь асааҭ 4 рзы дгылон. Аныҳәареи, иаарласны шьыжьхьа афареи аамышьҭахь лусура далагон. Ан Тереза егьырҭ аберҳәса иҟарҵоз аус ларгьы иҟалҵон. Уи лара лаамҭа анааилагь, ашьышьма лрыцқьон, амш зегьы аус луан, минуҭк аҧсшьара лымамкуа. Иҟан амшқәа Ан Тереза аӡыжәрагьы данахьымӡоз. Ауаа, Ан Тереза зыхь дыццакуаз “Сара сыуаажәлар” ҳәа акун дышрышьҭаз. Ан Тереза линтузиазми, ааҧсара змамз лусуреи ала зегьы аҧсы рхалҵон. Уи ессымша ҿыцрак лыҧшаауан ауааҧсыра рыцхырааразы. Ҽнак зны Ан Тереза аҳаирплан аҟны аҳәарала лхы лырхеит, иҷыдоу афатәи, ача ҿаҵақәеи лырҭарц азы. “Ари сара срыцҳацәа рзы исҭахуп. Иҭабуп даараӡа шәыцхырааразы!” - иралҳәит Ан Тереза иџьашьаны илыхуаҧшуаз ауаа. Ан Тереза ауаа рыгәра лгон. Уи агәра лгон ауааҧсыра абзиабареи, абзиара аҟаҵареи азы ииуеит ҳәа. Уи агәра лгон ауааҧсыра аҧсаҧ аҭаразы ииуеит ҳәа. Ан Тереза ауааҧсыра даараӡа бзиа илбон. Лхатәы ҧсҭазаарала ишьақәлырҕәҕәеит, абзиабара аџьашьахыра шалшо. Ауаҩы даараӡа аҧсы ҧшӡа имоуп, уи аҧшаӡра ҳарҭ зегьы иҳалоуп. Уи ауааҧсыра рыла агәдура лыман, урҭ рыҟнытә илҵоз рацәан. Ан Тереза еснагь дмазеиын, аӡәы лхатәы маҵура идгаларазы. “Сара сгәаанагарала, адунеи аҟны ауаа зегьы иуникалуп, ауаа зегьы даараӡа ахадара рымоуп.” Уи арҭ лажәақәа рыла абзиабара ду шьақәлырҕәҕәоит. Ан Тереза, хәыҷык, изгыз ҭакәажәык лакун. Уи илашази, иҵааулази алаҧш лыман. Лнапқәа – уамашәа иубаратәы идууын, аусура аҟнытә иџьаџьан. Уи илацәажәоз зегьы рхы ҷыдала ирбон. Зегьы ацәанырра рыман, адунеи аҟны урҭ иҷыдоу шракуз ала. Ан Тереза усҟак дцәажәомзт, аха лмаҵурала уи Анцәеи, ауаа рымаҵи луан. Уи дгәырҕьаны акун зегьы шыҟалҵоз, уи ауааҧсыра агәырҕьара рнаҭон. Уи аӡәы изы ҷыдала, еилых ҟалҵомзт, аҳәаҩы, аҕьыч, аинвалид, ма усҟак ицқьамз ауаа иралҳәон: “Уара умацара уҟаӡам!” Арҭ ажәақәа Ан Тереза лыҩны ахь инеиуа асасцәа иахьагьы ирҧылоит. Ари аҩны Ан Тереза, ихьынҭыз, излымгара ачымазара змаз ауаа рзы иаалыртит. Ан Тереза арҭ ажәақәа – Зегьы зымчу аныҳәара, уи ауаа агәыҕра рнаҭоит. Ари аныҳәара арыцҳацәеи, ихәашабгаха иҟоуи ирыцхраауеит. Ари уи лҿаҭахьы ауп, ҳарҭ зегьы иаҳзаанлыжьит:   “Шәынха!” Аҧсҭазаара – алшара ауп, уи шәхы иашәырхәар ауп. Аҧсҭазаара – аҧшӡара, шәџьашьахәла ари аҧшӡарала. Аҧсҭазаара – агәыхәара, шәцәа иалашәҵа уи Аҧсҭазаара – агәыхутәы, нашәыгӡа уи. Аҧсҭазаара – ауадаҩра, ишәыдшәкыл уи. Аҧсҭазаарауара еснагьтәи ууал ауп. Аҧсҭазаара – ахумарра, ахумарҩы уакуха. Аҧсҭазаара – абеара, иумҧсаҟьан уи. Аҧсҭазаара – ахатәра, аҵыхәтәанӡа уазгәырҕьа. Аҧсҭазаара – амаӡа, еилкаа уи. Аҧсҭазаара – аҿаҭахьа, инагӡа уи. Аҧсҭазаара – агәаҟра, уаиааи уи. Аҧсҭазаараашәа аума, аҵыхәынӡа иҳәа уи. Аҧсҭазаара – ақәҧара аума, уқәҧаҩха уаргьы. Аҧсҭазаара – идырым аума, умшәакуа ушьапы ҭаргыл. Аҧсҭазаараақәҿиара аума, иаанкыл уи аминуҭ. Аҧсҭазаара – иҧшӡаӡоу аума, иқәумхын уи. Аҧсҭазаарауара уҧсҭазаара аума, аҵыхәтәынӡа уазықәҧа. “Шәҧышәырччара!” Шәарҭ шгәалаҟазаара ҽеимзар, аӡәы шәгәы нирхазар ма иҽеим акы шәаҳазар, аҧышәырччара амчра шәхы иашәырхәа. Аӡәгьы даншәмыхуаҧшуагьы, шәҧышәырччала. Шәара шәхы иашәырбы ауадаҩрақәа зегьы реиҳа иҳракны шәара шәышгылоу. Шәҧышәырчча, шәазхәыц, шәара иҕәҕәоу, имҧсуа, наӡаӡатәи шшәаку азы. Шәара шхәы иаҭәашәшьа аччара, уи зны-зынла асаркьа шәанавсуа иҟашәҵала. Иҟалеи нас шәҧышәырччара маҷк алахь еиқәызар, Шәшыччалак еиҧшҵәҟьа, еилышәкаауеит, шәара шәыуадаҩрақәа арҽеира иашлагаз. Шәарҭ шәхы аҟынгьы иаауам, шаҟа хырҳагара шәзаанагар алшо шәареи, шәааигәара иҟоуи ауаа рзы шәҧышәырччара! Анцәа дрыцхраауеит ауааҧсыра, ауадаҩра аҧышәырччаралеи, агәырҕьаралеи иаҧыло. Еснагь зхы иахашшаауа, згәы алаҟам ракум. Аҧсҭазаара даҽа уадаҩрак аншәзармазеиуа, шәхы иашәҳәа: “зегьы ари еиҳа акыр еицәахар алшон. Нас … Шәҧышәырчча! “Бзиа ижәба” Абзиабара шәацәымшәан. Шәгәы ҟьаҟьаӡа иаашәырты, агәҭаны абзиабара аашәырҧшы. Уи азы иаҭахуп, шәареи, егьырҭ агәқәеи агхақәеи, ашькалҧшыреи аҧшаара аҟәыҵра. Шәашьҭала, ишәыҧшаа ауаҩы иҿы аҧшӡареи, абзиареи. Уи шәареи, егьырҭ ауааи аҟазшьа бзиақәа раарҧшраҿы ишәыцхраауеит. Ауаа иҵабыргу абзиабара зылшо, рхатәы аҭагылазаашьа шьҭыхны иқәдыргылом. Урҭ ауаа рхатәы абзиабара зегьы иддырбоит, раҕацәагьы налаҵаны. Бзиа иба – аҟазара, уи аҽазыҟаҵара аҭахуп, егьырҭ даҽа ахшыҩра арҿиара аҟны изаҭаху еиҧш. Ибзиан, аҳақьымцәа, амузыкантцәа, асахьаҭыхҩцәа, аспортсменцәа сааҭла рыҽшазыҟарҵо еиҧш аҽазыҟаҵара. Аспортсменцәа сааҭла аус руеит рхатәы алшарақәеи, рыхшыҩи аиҕьтәразы. Абзиабарагьы абас еиҧш азнеира аҭахуп. Раҧхьаӡатәи ауадаҩра аан аӡәы ибзиабара ҳаҟәыҵыр, уи ала ҳара ҳабзиабара ҳзырҿиом. Абзиабара ҳамамзар акгьы иаҧсам, ҳнасыҧдаха ҳаанхоит. Ашьҭахьажәа Ан Тереза 1979 шықәса, абҵарамзазы Нобель ипремиа ланаршьеит. Афонд зегьыи, иара убас еигьырҭ аҧарақәа илымази амиссиа аус азы иныхын. Насгьы Нобель ипремиа илаанаршьаз ала даҽа хырҳагаракгьы лоуит; уи илылшеит усҟак лыбжьы ҭымгака аха ирџьбараны аамҭала аибашьра аанкылара. Иаҳҳәап Беирут аҟны, уаҟа уи 37 мшы, уаҟа иҟаз ахәыҷқәа ралгаразы илҭахыз аамҭазы, илылшеит аибашьра аанкылара! Уи ҳәарада даараӡа имаҷуп адунеи зехьынџьара иҵааулоу апроектқәа ирҿаурҧшозар … Аха ауаҩы иҧсҭазаара акгьы иаҧсам, аус аиқәырхара ианазку. Ан Тереза 87 шықәса зылхыҵуаз дыҧсит. Уи лаамышьҭахь лареи, лажәақәеи, агоспитальқәеи, амедеҳәшьцәаеи, зыҧсра иахырҧаз ауаа рацәеи рзы зхы ақәызҵаз ауаҩы рыгәқәа рҿы даанхит.
Download