Абжьас

Абжьас   Зегьы реиҳаӡа идуу ацгәы Абжьас еиҳа еиҕьны еилыскаар сҭаххит, уи апатреҭ дууӡӡа ацәыргақәҵатә азал аҟны ианызбаз. Гәымшәак, аҭынч иҧшуан, Уи аҭынчра аҟны амч ду ҵәахны иамазшәа иҟан. Убри аҟнытә аинтернет аҟны аинтиресра змаз адаҟьақәа сыҧшиит, уажәы исҭахуп сара еизызгаз адыррақәа шәарҭгьы ишәасҳәа. Абжьас аҧшра Абжьас ацгәы ҭаацәара ахаҭарнак ауп. Даҽа акы ала иаҳҳәозар абжьас ацыгәқәа зегьы реиҳаӡа идуу ауп адунеи аҟны. Уи цәаҳәала ишәуп акаҳуаҧштәи, аҩажьи рыла, даҽа ҧстәык иамам ус еиҧш убла хызкуа ашӡара, уи егьырҭ ирылаҩашьом. Уахьынахуаҧшуа абжьасқәа рцәақәа зегьы еиҧшушәа иубоит аха абжьасқәа рцәа иалгоу ацәаҳәақәа зынӡа ихазы – хазуп. Иуҳәар ҟалоит абжьас ацәа, ауаҩы инацәа ашьҭа еиҧш ахатәы дырга амоуп. Абжьас еиуеиҧшым ахкы ыҟоуп, урҭ зегьы иҷыдоу аҧштәыи, ашәареи, аҟазшьақәеи рымоуп. Абжьасқәа еиҳарак иахьҧхароу инхоит. Иаҳҳәап Африка, Индиа, Алада Азиа арегионқәа џьара-џьара рҟны. Аха иҟоуп абжьас хкқәа даараӡа иахыхьшәашәоу инхоит. Иаҳҳәап Аҩуада Кореиа ма Урыстәыла. Ихьшәашәоу атәылақәа рҟны инхо абжьасқәа рышәара еиҳа идууп, ихьынҭуп. Егьырҭ ацгәы ҭаацәара иатәу аҧстәқәа раасҭа абжьас даараӡа бзиа иабоит аӡы. Урҭ ибзианы иӡсоит, лассы аӡиас ахь инеиуеит, рыҽдырхьшәашәарц. Абжьас лассы иҟаауам. Аха иҟаар, уи абжьы акыр километр инаскьаганы иуаҳауеит. Абжьас иҟәымшәышәны иныҟәоит, иҵәру ашьаҧхыцқәа ианныҟәо иаҵәахоит ашьапы аҟны. Уи иара ианышәарацо аҧстәы азааигәахараҿы иацхраауеит. Абжьас аҭаацәара Абжьас еснагь амацара инхоит, аха уи ианызар ма иҿазар аҭаацәа иырцуп. Аб абжьас аб цәанырра усҟак иалаӡам, абжьас ласбақәа аныда иаанхар уи аласбақәа афаргьы алшоит. Аха иҟоуп аҷыдарагьы. Индиатә аҳәырҧсарра аҟны ииаҭымхаз абжьас ласбақәа алаб абжьас рхылаҧшуан, уи дара раб акузыр ҟаларын. Алаҧс абжьас? инаркны қ рыҟнынӡа аласбақәа ахылҵыр ҟалоит, аха лассы 2 ма ҷ роуп ирхылҵуа. Абжьас аласбақәа қ мза анырхыҵлагь рыҭра ааныжьны ран илыцны шәарацара ицоит. Шықәсык зхыцуа абжьас хәыҷы иара ахала ишәарыцар алшоит, аха урҭ еиҳарак ран лҟны 2 шықәсанӡа иҟоуп. Афатә Абжьас агыгшәыг ҧстәуп. Уи иаанаго, иара ацкьыс иҕәҕәам еиуеиҧшым аҧстәқәа ирзышәарацоит. Абжьас еиҳарак ҧшьшьапык зҵоу аҧстәы ауп иафо. Абжьас еиҳара иакоит абынҽацә, аҳәаҧ, акамбашь, ма ақәасабқәа. Уи иззышәарацо рыхьыӡ рыҧсахуеит, абжьас изакәытә ҭыҧу аҟны иҟоу. Уи еиҳа бзиа ибаны иафо рыдагьы зны-зынла уи бзиа иамбо, изықәшәаз кны ианафогьы ыҟоуп. Иаҳҳәап амаамын, абнакәты, ажьа. зны-зынла абжьас аҧсыӡгьы анафо ыҟоуп. Зышықәс наӡахьоу абжьас шықәсык ала 50-70 аҟнынӡа ашьамаҟа хы афоит. Абжьас зны-зынла даараӡа иҕәҕәоу ашьамаҟагьы ианазышәарацогьы ыҟоуп. Иаҳҳәап уи акаҳуаҧштә амшә иашьҭалар алшоит. Аха амшәи, аҕжьасыи дара дара рзы даараӡа ишәарҭоуп. Малазиатә алым, аџьбарала еицдыруп, зны-зынла абжьас аршәоит. Убри аҟнытә ари аган аҟны абжьасқәа иазҧхьақәаҭыны амшә иақәлоит аха Индиатә аслан ду абжьас зазнеиуам. Убри аҟнытә урҭ ас еиҧш идууӡоу, иҭынчу аслан иавсуеит. Усҟак лассы акум аха бжьас аслан хәыҷы ианақәло ыҟоуп, ианакуагьы ҟалахьеит. Уамашәа ибатәуп аха абжьас аҵиақәагьы афоит. Аҧхын абжьас арасеи, аҳацкьыни, ашәыри афоит. Абжьас иара аҭыҧ аҟны зегьы реиҳаӡа иҕәҕәоу гыгшәыгуп, ианышәарацо уи аконкурент амаӡам. Уи зны-зынла ауадаҩра иақәзыршәо ақәыџьма гәарҭа ауп, урҭ даараӡа ирацәаны еицуп. Абжьас знык ала 30-40 кьыла акуац афоит. Амла иакуа алаб абжьас џҭ кьыла аҟнынӡа иафоит. Абжьасқәа уахынла ауп ианышәарацо. Урҭ даарӡа ибзиоу аблақәа рымоуп. Абжьасқәа шьоукы аҧштәы еилдыргар рылшоит. Абжьас азышәарацара Абжьас азышәарацара нахь натә аахыс даараӡа иаларҵәаз, агәдуреи, апатуи змаз ауп. Уи азышәарацара даараӡа ицәгьоуп, насгьы уи апопулиарра амоуп даараӡа иҧшӡоу ахахәы азы. Иара убас абжьас ахәамц ахәҭа амедицина аҟны ахархәара амоуп ахәшә армазеиразы. Уажәы азы абжьас хкқәа зегьы рхыҧхьаӡара даараӡа имаҷхит, уи азышәарацара аҟәыхуп. Аха зегьы акоуп џьара-џьара, абраконерцәа абжьас иазышәарацоит. Ауаҩы изышәарацо абжьас Алымқәа реиҧш, ауаҩы изышәарацо абжьасқәагьы ыҟоуп. Ус рхы мҩаҧыргоит, иажәыз акгьы зылымшо агыгшәыгқәа, урҭ ашьыҧхыцқәа рымаӡам, атәыҩа зхагылоу аҧстәы ихашьҭалом. Зегьы реиҳака икаамеҭны иаларҵәоу ахҭыс 1925-1930 шықәсақәа рзы игәаҭан, усҟан абжьас қ: ҩык ауааҧсыра афит. Амифқәеи, аҳәамҭақәеи адырга ҷыдақәеи Абжьас даараӡа амиф рацәа афырхаҵа ауп. Ҷыдала Азиа арегион абжьасқәа ахьыҟоу. Абжьас атәыла рацәа рҟны ақәҧара адырга ҷыдас ирымоуп. Иапониа уи агәымшәареи, аибашьа афырхацәа рымаҭәа ихымҧадоу дыргоуп. Китаи абжьас амчреи, агәабзиареи ахьчон. Ирыҧхьаӡон уи амчра бааҧсы ахнагоит, ауаҩы ачымазара аҟнытә дахьчоит ҳәа. Абжьастә амрагыларатә агороскопқәа даараӡа иҕәҕәоу ируакуп. Абжьас ацәа аимитациа, амодаҿы иаларцәоу стильуп.
Download