Апринцесса Анастасиа
Апринцесса Анастасиа Анастасиа аурыс апринцесса лакун. Уи Урыстәыла аҵыхәтәантәи аҳ иҧҳа лакун. Аӡҕаб лхаҿы ҧшӡан, ахьаҧштәы ахахәыи, абла ҕрақәеи лыман. Анастасиа илахҿыхыз хәыҷын. Уи алаф рацәа лҳәон, дыччон. Ахан аҟны Анастасиа зегьы даараӡа бзиа дырбон. Ахан аҟны уи лымкаала бзиа дырбон. Ҽнак зны аҳ асасцәа иҭааит. Усҟан Анастасиа хҧа ма ҧшьба шықәса лхыҵуан. Асасцәа даараӡа ихадаз ракун. Анастасиа хәыҷы аишәа аҵаҟа дхәыҵалеит. Уи ала еиҧш асасцәа реимаақәа лбыҕҷуан. Лаб даараӡа дгәааит. Асасцәа акыр аамҭа Анастасиа лыхумарра иахыччон. Романоваа рҭаацәара Романоваа аҵыхәтәантәи Урыстәылатә аҳратә ажәла акун. Анастасиа лаб, Николоз аҩбатәи – Урыстәыла аҵыхәтәантәи аҳ. Анастасиа хҩык лаҳәшьа еиҳабцәеи, лашьа еиҵби лыман. Лара лхаҭа аҧшьҩыктәи ахәыҷы лакун. Ешьеи-еҳәшьеи даараӡа бзиа иебабон. Ахәыҷқәа еснагь еицын, бзиа иебабон, еиҩызцәан. Ус баша ауаа ргәы иаанагон, аҳ ихан даараӡа идуыз. иҧшӡаз ауп ҳәа. Уаҟа анхара аӡәырҩы ргәыхәтәы акун. Аха аҳ Николоз ихылҵ ус башауаа реиҧш инхон. Урҭ руаҭахқәагьы еигьырҭ ахәыҷқәа руаҭахқәа иреиҧшын. Аҳ ихангьы даараӡа идуыз, иҧшӡаӡаз акумзт, ауаа ргәы ишаанагоз еиҧш. Ахан аҟны ихьҭан. Ахәыҷқәа аӡын лассы ичмазҩын. Анастасиеи уи лаҳәшьцәеи-лашьеи изхылҵыз иазыҟарҵон. Ахәыҷқәа арҵаҩцәагьы рзаауан. Урҭ ирҵон афранцыз, англыз бызшәақәа, асахьаҭыхра, амузыка, аҭоурых, географиа. Анастасиа даараӡа бзиа илбон асахьаҭыхреи, амузыкеи. Уи ибзианы дҭыхуан. Иҭылхуаз асахьақәа Анастасиа луаҭах аҟны аҭӡамц аҿы икналҳауан. Аӡҕаб апианинои, абалалаикеи алырҳәон. Анастасиа даараӡа бзиа илбон ахан абаҳча аҟны аҧсшьара. Ихәыҷыз, иласыз аӡҕаб зны дыҟьшьын зных лхахәу еилажәжәа дыҟан. Ахәыҷра Ҽнак зын Анастасиа лҭаацәа атеатр ахь дыргит. Аспектакль анцоз Анастасиа даараӡа лҽылҟьшьит. Ахәыҷы аҩны аҟнытә ашоколад лгазаап. Аспектакль анцоз ашоколад ашьшьаҳа афара даҿын. Ахәыҷы лнапы иахаз анапхазқәа рахыхрагьы лхашҭзаап. Лани лаби ианлазҵаа, ас бзыҟьшьи ҳәа, дааччан илҳәит: “ашоколад иҵегьы сымоуп, ишәҭахызар, шәаргьы ижәга.” Абас еиҧш илахҿыхыз, иалсыз лакун Анастасиа хәыҷы. Аӡҕаб дахьыҟаз, уаҟа аччареи, агәалаҟазаареи нҵәомзт. Аџьынџьтәылатә аибашьра 1914 шықәса актәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра иалагеит. Аҳи, аҳкәажәи рхатәы ахан аҟны ахәшәтәырҭа аадыртит. Апринцессацәа ихәыз аруаа ирхылаҧшуан. Анастасиа аруаа даараӡа бзиа дырбит. Аӡҕаб ессымша дара рахь днеиуан. Уи ихуыз аруаа ашәҟәы дырзаҧхьон, илырччон, рҭаацәа рзы асаламшәҟәы лыҩҩуан. Анастасиа лаҳәшьцәеи, лареи аруаа рзы аконцертқәа мҩаҧыргон. Аҳ иҭаацәа рхырҵәареи, рышьреи 1917 шықәса Урыстәыла Октиабыртәи ареволиуциа ҟалит. Арҟаҧшь Аҳ Николоз иаҳра имырхит. Арҟаҧшьаа аҳ Николози, уи иҭаацәеи аҩны иҩнаркит. Адуцәагьы, ахәыҷқәагьы аҩны издәылҵуамзт. Ҧыҭрак аамышьҭахь Аҳ иҭаацәара ақалақь Екатеринбургҟа ииаргеит. Усҟан Анастасиа 17 шықәса лхыҵуан. Урыстәылатә аҿыц аиҳабыра Аҳ иҭаацәа аҧсра рықәырҵеит. Аҳ иҭаацәа ирҭахын аҳәаанырцәҟа иқәҵны ицар, Урыстәыла инымхарц азы. Ах Аҳ иҭаацәа ирызҧшыз рыздыруамзт. Уахык аруаа неиын иаадырҧшит аҭаацәара зегьы, аҩнаҵаҟа илыбааргеит. Аруаа аҳ дыржьеит, адәахьы ихысуеит, араҟа ишәарҭам ҳәа. Аҳ иҭаацәа акгьы рзымдырит. Ҩминуҭ раамышьҭахь зегьы аҭӡамц иаддыргылан иреихсит. Зыҧсы ҭаз аӡәгьы даанымхеит. Анастасиа зегьы рашьҭахь дыҧсит. Анастасиа лыҧсра аамышьҭахь Аамҭа рацәа цеит. Аурыс жәлар ҭынчхеит. Аҳ иҭаацәа ыҟаӡамзт. Хәыҷы-хәыҷы, еиуеиҧшым атәылақәа рҟны дцәырҵит амц Анастасиа. Еиуеиҧшым атәылақәа рҟны аҳәса ишьақәдырҕәҕәон аурыс апринцесса шлакуз. Амц Анастасиаа зегьы Германиа инхон. Аурыс ҧҳәыск, Ана Андерсон лыхьӡын. Уи ишьақәлырҕәҕәон, Анастасиа Романова шлакуз. Ана Андерсон данҧсы, уи анализ лзыҟарҵеит. Уи Анастасиа иакумзт. Америка асахьаҭыхҩы Евгениа Смит ишьақәлырҕәҕәон уи аиашазы Анастасиа шлакуз. Америкатәи амц Анастасиа лзы ашәҟәы ҩҩуп. Анастасиа лыҧсра азы аҵыхәтәантәи аиаша 2007 шықәса ишьақәырҕәҕәоуп. Ирыҧшааит Аӡҕаби, аҷкуни рыҧсыбаҩ. Уи анализ азыруит, уи ишьақәнырҕәҕәеит урҭ Николоз Аҳ ихылҵ Алеқсеи, Анастасиеи шракуз. Ари аҭоурых иахьанӡагьи икаамеҭ дууп Урыстәылатә аҭоурых аҟны. Анастасиа акино рацәеи, амултфильмқәеи, ашәҟәқәеи рҿы ахаҿы хада лоуп.
Download