Мехико

Мехико   Алагалажәа Зегьы ирдыруеит, Мехико – Мексика аҳҭнықалақь шакәу. Шәааи, уажә ҳаҭаап Мехико. Еилаҳкаап ари ақалақь дуӡӡа шыҟалаз аҭоурых, ҳрызҿлымҳахап уи иадҳәалоу ахҭысқәа, ҳнеиааины иаҳбап аҭыҧ ҧшӡақәа. Мехико шыҟалаз аҭоурых Мехико – Мексика аҳҭнықалақь ауп. Иахьатәи Мехико шьҭоуп ажәытәтәи ақалақь Теночтитлан, аҭыҧан. Ақалақь Теночтитлан шьақәзыргылаз ацтекаа роуп. Ацтекцәа – Мексика инхоз ажәытәӡатәи хылҵшьҭроуп. Теночтитлан иаанаго – «Иҧшьоу Акактус ақалақь» ҳәоуп. Мехико ахьгылоу даара иуадаҩу ҭыҧуп. Ихыҵны ақалақь иаҵало аӡиа ахықәан ауп уи ахьыҟоу. Мехико иаакәыршаны иҟоуп авулкантә шьхақәа. Убри аҟынтә ара лассы-ласс иҟалалоит авулканқәа рҿыхареи адгьылҵысреи. Уамашәа иубартә иҟоуп, аиашазы, ацтекцәа абас ишәарҭоу аҭыҧ аҿы ақалақь аргылара зырҭаххаз. Иҟоуп ақалақь ацәырҵра иадҳәалоу абри аҩыза алегенда. Тескоко аӡиа ахықәан ирбеит акактус иқәтәаны амаҭ еимызыжәжәоз ауарбажә. Ацтекцәа рзы ауарбажә Анцәа исимволуп. Ацтекаа раҧхьагылаҩцәа ари дыргоуп ҳәа ирыҧхьаӡеит, убри аҭыҧ аҿгьы ақалақь аргылареи, ауаа рнырхареи иалагеит. Алегенда излаҳәо ала акактус Мексика иасимволхеит. Акактус Мексика аҳәынҭқарратә герб иануп. Ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа акактусқәа дырхиоит ахәмаргақәа рыла, ҳара ҳҟны аҧсаӡ шдырхио еиҧш. Мехико иазку аинтерес зҵоу ахҭысқәа Исыздыруам, ишәаҳахьоу, ишәмаҳацу шәара Мексикеи Мехикои рҭоурых, урҭ ирызку ахҭысқәа. Иҟалап ишәаҳахьоу ыҟазаргьы. Аха ишәмаҳацгьы рацәахап. Хҭысқәак џьашьатәхап шәара шәзы, егьырҭ – џьашьатәхарым. Сара сҽазыскуеит шәара шәзызҿлымҳахаша аҭоурыхтә хҭысқәа шәзеиҭаҳәара. Мехико – мҽхакы ҭбаарала Аҩадатәи Аладатәии Америка зегьы иреиҳау ақалақьуп. Адунеи аҿы шәагаала егьырҭ ақалақьқәа рахьтә аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит. Шәара зегьы иреиҕьышәшьозар акәхап ашоколад? Мексикоуп ашоколад ахьырыӡбаз. Нас убрантәи иара адунеи иахыҵәеит. Шәҭахызар агәра жәга, шәҭахызар ижәымган, аха Мексика инхоит, џьаргьы иуҧымло ажьа. Уи авулкантә жьа ҳәа иашьҭоуп, Мексикоуп иара нхарҭа ҭыҧс иахьамоу. Шәара даара уамашәа ижәбоит, аха XVI-ашә Аҩадатәи Америка раҧхьаӡа икьыҧхьыз ашәҟәы ахьҭыҵыз Мексикоуп. Аҩадатәи Америка раҧхьаӡатәи ауниверситетгьы ахьаартыз Мехико ауп, убригьы XVI ашәышықәсазы. Мексикаа аҵареи аҭҵаарадырреи ишырзааигәо зҳәо рацәоуп. Иџьоушьаша, астрономцәа адунеизегьтәи реизара ду раҧхьаӡа акәны иахьымҩаҧысыз Мехикоуп. Мехико имҩаҧысит имаҷымкәа аспорттә еицлабрақәа. Иаҳҳәап, 1968 шықәсазы Аолимпиада, 1970, 1986 шш. рзы ашьапылампыл азы ачемпионатқәа, 1978 шықәсазы Адунеизегьтәи ауниверсиада. Абасала Мехико егьырҭ ақалақьқәа излареиҧшым даара ирацәоуп. Мехикоуп иахьыҟоу ацәқәа реибашьра ахьымҩаҧысуа, адунеи аҿы зегь иреиҳау арена. Ацәқәа реибашьра Мексикаа рмилаҭтә спорт хкқәа иреиуоуп. Мехико иҟоуп Аладатәи Америка зегьы иреиҳау аконцерттә зал «Акапулько». Мексикаа егьырҭ иреиҧшым рмилаҭтә чысқәа рылагьы. Адунеи аҿы еицырдыруеит абарҭ ачысхкқәа: тако, бурито, кесадила, тортила. Зегьы ижәдыруеит цезарь захьӡу асалат. Ижәдыруама уи раҧхьаӡа иахьыҟаҵаз? – Мехико ауп. Уи иҟаиҵеит италиатәи ахәыҟаҵаҩ Цезарь Сардинни. Убри ала адунеи аҿы зегьы деицырдыруа дҟалеит. Ишәаҳахьазар акәхап арыжәтә – текила ахьӡ. Уи мексикатәи милаҭтә рыжәтәуп. Ижәдыруама шәара Мексика ишыҟоу адунеи аҿы зегь реиҳа ихәуҷу авулкан? Иара аҳаракыра 13 метроуп иахьыҟоу. Абри авулкан аҩныҵҟа иҭаргылан иҟаҵоуп амардуан. Шәара ижәдыруама Мексика ишыҟоу зегь реиҳа зхыҵуа аҵла. Уи аура 12 метра иҟоуп. Мехико аблахкыгарҭақәа Мехико даара иџьашьахәу қалақьуп. Ара иҟоуп 1400 монумент, 10 археологиатә зонак, 80 инареиҳаны музеи, афольклортә центрқәа 10, 2000 иреиҳаны ақафурҭақәа. Шәааи ҳарҭааны иаҳбап Мехико аблахкыгарҭа ҭыҧқәа иреиҕьу ҳәа иҧхьӡо. Ель Сокало Мексика ахьынӡанаӡааӡо зегь реиҳа иҧшӡоу, аинтерес зҵоу ҭыҧны ирыҧхьаӡоит Мехико ақалақь аҿы Ель Сокало. Уи аконституциа аплаза ҳәа иашьҭоуп. Ель Сокало иаҵанакуа абаҳчаҿы иҟоуп акрызҵазкуа ҩ-хыбрак: Кафедрал Метрополитен, Амилаҭтә Хан. Ель Сокало иуникалтәу ҭыҧуп. Араҟа еилаланы иҟоуп ажәытәи аҿатәи. Ирацәоуп ҳаамҭа иақәшәо аргылара ҧшӡақәа, адәқьанқәа, акаҳуажәырҭақәа, ақьафурҭақәа. Иара убри аамҭазы, араҟа иҟоуп ажәытәӡатәи ацтекцәа рынхарҭақәа рхыжәжәарақәа, ацтека рыбзазаратәы зҳәо. Метропилитен кафедрал Ари Акафедрал Ель Сокало аҵакырадгьыл аҿоуп иахьыҟоу. Метрополитен Кафедрал Аладатәи Америка иҟоу аҭыҧқәа зегьы иреиҳау, зегь реиҳа ижәытәӡатәу акоуп. Уи дыргылон ҷҭҭ шықәса инарзынаҧшуа. Уи Аепархиа адунеи аҿы зегьы иреиҳауп. Ари аныхабаа еицырдыруеит уа иҩныҩуа «кафедрал абжьқәа» ҳәа изышьҭоу амузикала. Амилаҭтә Хан Амилаҭтә Хан ыҟоуп Мехико ақалақь агәҭаны, Ель Сокало иахьаҵанакуа аҭыҧ аҿы. Вашингтон иҟоу Аҩны шкәакәеи, Москватәи Кремльи рҟнеиҧш Мексикатәи Амилаҭтә Хан аҿы иҟоуп атәыла апрезиденти аиҳабыреи русбарҭақәа. Араҟа иубоит даара иҧшӡоу афрескақәа. Ихазыноуп ижәытәӡатәу, иҟаҧшьны ишәу Ахан ахаҿра. Уи ахаҿратә ган ҟаҵоуп XV-ашәышықәсазы. Чапультепек абаа Чапультепектәи абна Мексика еицырдыруеит. Уаҟа акәын иахьыҟаз хыҧхьаӡара рацәала абаашқәа. Абаашқәа рыҩныҵҟа шәара ижәбоит аҩнымаҭәахә ҧшӡақәа, аиувелиртә усумҭақәа, насгьы даара иҧшӡоу афрескақәа. Урҭ афрескақәа ҟарҵеит еицырдыруа асахьаҭыхцәа. Абаашқәа рҟынтәи иаатуеит Мехико иссиру аҭыҧқәа. Аиашазы абрантәи иубо Мехико аҧш-ӡара угәы азнарҳа- * уеит, ахаан иухаш-ҭуам. Темпло Маиор Темпло Маиор иаанаго – «аныхабаа ду» ауп, иара пирамида ҧшӡоуп. Уи ацтекаа рынцәахәқәа ҩыџьа ирызкупаибашьра анцәахәы, аӡы анцәахәы. Апирамида иаваргылоуп ҩ-ныхабаак. Темпло Маиор иҵәахуп даара акры зхыҵуа, даарагь зыхә ҳараку аҟазара амаҭәарқәа. Ирыҧшааз 3000 ҟазаратә усумҭа, ацтекаа римпериа аҕәҕәареи адуреи атәы аҳәоит. Темпло Маиор шьақәгылоуп акыр ахәҭақәа рыла. Ара иубоит аа-тоннак иааиуа ахаҳә гьежь. Уа Амза Анцәахәы исахьа ануп. Араҟа иҟоуп ҩба еиҧшу аибашьцәа ацтекаа ркультурақәа. Урҭ ауарбажә маҭәа ршәуп. Иара убасгьы ара иҟоуп Анцәақәа руаӡә изку ауарбажә ахаҳәгьы, иуҧылоит адамрақәеи аныҳәарҭа ҭыҧқәеи. Темпло Маиор Мехико ақалақь аҿы иҟоу зегь реиҳа иҧшӡоу, аинтерес зҵоу аҭыҧқәа.
Download