Ахьаҧарчи ахьеи
Ахьаҧарчи ахьеи Ҽнак шьыжьымҭан, абна дуӡӡа агәҭаны Ахьаҧарч, ахьаҧарч хәыҷқәа аман ныҟәара ицарц аҭаххеит. Ахьаҧарчхәыҷқәа рынхарҭа ааныжьны џьаргьы ныҟәара имцаӡацызт. Ахьаҧарчқәа ран, ахьаҧарчхәыҷқәа иранаҳәеит ахьафара ишцо. – Нана, изакәызеи ахьа? Ихааума? Ахьаҧарч раҧхьа инагылан, – Шәаала агьама жәбап аҳәеит. – Абар, ахәада ҳнахысыр, архәара ҳнавсыр, ашьшьыҳәа, абааҧсы, шәмыццакын, шәеицәымӡын, шәеизыҧшы, абас, ирабжьо ахьаҧарчхәыҷқәа ҳәыр-ҳәыруа ран иашьҭан. Ахьаҵла ааигәа инеиаанӡа ахьаҧарчқәа раан ахьаҧарчхәыҷқәа ргәы рҽаннаҵеит бжьыла. Ашәарҭа шыҟалаз еилыркаан ахьаҧарч хәыҷқәа рцәа инҭалан абна рҽыларыҧсеит. Ан, ашьшьыҳәа ахьаҵла ааигәа инеины иҧшызар, абар амитә, Амшә амышәҳәыр ацны ахьаҭра илалан ибылгьон, ихәмаруан, рызхара рфазар акәхап ргәалаҟазаара бзиан. Ахьаҧарч, ахьаҧарч хәыҷқәа ус ранаҳәеит. – Сыхазынақәа, ҳаҧшыроуп, арҭ амшәҳәыси, амышәҳәарақәеи мцакәа, неишьа ҳамаӡам ахьаҵлахь. Уаанӡа ҳаҧсы ҳшьап ашәшьыраҿы, урҭ лассы ицап ҳәа сгәыҕуеит. – Нана, ҳахьа зегьы рфар, ҳара иҳаҧсыхәозеи? – Мап, схәыҷыҷа. Мап, умшәан, Анцәа зегьы ҳазхара ҳаиҭоит, ҳара ҳнаҩсангьы изызхо рацәаҩуп. Акызаҵәык ҳарҧырхагамхароуп. – Шьири, лассы агьама аабанда! – Шьири! Шьири! – Ачҳара схәыҷқәа! Ачҳара, кыр зычҳаз, кыр ибеит! Ахьаҧарчқәа еибарыччеит. Абҕьыжәра иахьылаз, ахьхьаччаҳәа абжьқәа гон. – Ашьшьыҳәа, ргәы рҽаннаҵеит ран, шәыҽшәырҭынч сшәыҳәоит. Сҳәатәы хашәымҵар даҽазны ныҟәара шәызгаӡом. Иааҭынчрахеит. Амшәҳәысгьы амшәҳәарақәа аман, есс уцаларгьы уцала, абна иасит, рхы ахьынахо еибарыҩуа архәара инавҵалт. Ахьаҧарчқәа ашьшьыҳәа ахьаҵла ашҟа рҿынархеит. Абар, ассир, рыла иабоз рызхамҵо, ахьаҧарчқәа шанханы ахьаҵла иахәаҧшуан, ахьақәа дара акала иреиҧшын, аха ихәыҷӡан, ишәаны изалакьысӡомызт, ран иазыҧшуан ҿымҭӡакәа. – Нана, арҭ ахьахәыҷқәа рыҧсы ҭоума? Иаҳмыцҳаӡои? Ҳара изҳаиҧшузеи? – азҵаарақәа нҵәаӡомызт. Ран иднарбеит ахьа ацәа ишагәылшәоз, нас ахьа шыфатәыз, иранаҳәеит ишҳәатәыз ҽааныбзиала. Ахьаҧарчқәа ахьара иҳәыр-ҳәыруа илан, рызхара изгәырҕьомызт, ахьа агьама акы еиҧшымызт, ахьаҧарчқәа гәырҕьаҵәа рызхара рфеит, нас амышәҳәарқәа реиҧш ахәмарра иалагеит. Иааҧсаанӡа икәымпылуан, ахьа иалахәмаруан, аха ахьацәа анырбалакь аччара иалагон. Ирзеилкаауамызт урҭ дара изреиҧшыз. Ус абнахьтә бжьқәак раҳаит. Ахьаҧарчқәа ран анынаҧш, иабеит абынҳәа абынҳәахәыҷқәа аманы ахьафара ишаауаз. – Аҳы, иазхоит, ирлас шәсышьҭал, абна шәҽалашәыҧса. Аӡәгьы шәнымхан, акы уцәнымхан, зегьы шәеишьҭагылан шәсышьҭала. Ахьаҧарчқәа ыҩны абнара рҽарҭеит. Ахьаҧарчқәа ран иашьҭалан инеиуан, рышьҭахьҟа ихьаҧшыр рҭахын, аха ишәон, абынҳәақәа рышьҭыбжь даара ицәгьан. Ахьаҧарчқәа ран ус ранаҳәеит ахьаҧарчқәа. – Шәлеишәа бзиан иахьа, сҳәатәы хашәҵеит, уаҵәгьы ҳаицны ныҟәара ҳцоит. Амшгьы бзиан, ҳшьапгьы ааиҵаҳхит, ҳазхарагьы ҳфеит, ахьагьы агьама ҳбеит. – Нана, ишҧахааз ахьа, шьири еиҭах ҳзаар … – Нана, ҳахьа зегь рфар абынҳәақәа иҳаҧсыхәоузеи? – Умшәан, сыҧшқа хәыҷ, уи зегь ҳазхара, Анцәа иҳаиҭоит. Ҳара ҳеиҧш шаҟаҩы ирызхоу жәдыруама. Аҧсыцәгьара ҟалаӡом. Ҳара ҳеиҧш ахьа фара зҭаху маҷӡам, ус анакәха, аҧсабара зегь ҳхәы ҵәахны иамоуп, еиҟараны еиҩаҳшарц. Усҟан, зегь ҳазхара ҳаиҭоит Ҳазшаз. – Нана, даара ихаан ахьа, шьыри еиҭах исыманда! -Ҧшӡала! Уаҵәы ҳахьӡоит. Уажәшьҭа, шәааи, ҳаҧсы ҳшьап, ҳҽазыҟаҳҵап, аҵых. Цәымҭхаа! Уаҵәынӡа сыхьаҧарчқәа-сыхьафаҩцәа. Уаҵәынӡа!
Download