Ианыӡааз ақалақьқәа

Ианыӡааз ақалақьқәа   Атлантида Ақалақь ауааҧсыра ахьынхо ҭыҧуп. Адунеиаҿ ианыӡааз ақалақьқәа рацәоуп. Атлантида абырзен бызшәала иаанагоит атлантцәа рыдгьылбжьаха. Уи ақалақь шыҟаз атәы аиашаз, аӡәгьы издырӡом. Иҟоуп уи иазкыу алегенда. Атлантцәа рыдгьыл бжьаха даара идууп. Уи адагьы, Ливиа инаркны Египет аҟынӡеи, иара убас Европа инаркны Тиренынӡа дара рнапаҿы иҟан. Анаҩс, аҧсабаратә рыцҳара иахҟьаны уи адгьылбжьаха аӡаҵаҟа иҟалеит. Ақалақь ықәхын. Аҵарауаа иахьагьы уи иӡыз адгьылбжьаха аҧшаара иашьҭоуп. Алегенда ишаҳәо ала, атлантцәа дара рзакәанқәа рыман. Урҭ анцәа Посеидон ишьақәиргылаз акы акәын. Ажәытә бырзенқәа рзы Посеидон амшын нцәас даман. Атлантцәа уи изакәанқәа ирықәныҟәон. Азакәанқәа ахаҳә дуқәа ҭаҧыҟҟаны ирынҵан, урҭ Посеидон иныхабаа аҟны иҵәахын. Посеидон иныхабааҿы аӡбара мҩаҧыргон. Аӡбара иалагаанӡа атлантцәа Посеидон аҧсаҭатә изнаргон. Анаҩс, аиаша ишықәныҟәо ақәра рыдыркылон. Аӡбара иаашанӡа ицон. Урҭ ирыдыркылоз аӡбара ахьтәҕәы ианырҵон. Аҧсаҭатәи ахьтәы ҕәы неидкылан аныхабааҿы инрыжьуан. Атлантцәа рзакәан ала аҳцәа аибашьра азин рымаӡамызт. Аҳцәа рхала аӡбара рыдыркылаӡомызт, урҭ аҟәыҕацәеи дареи еицрыдыркылон. Троиа Троиа легенда қалақьуп. Уи шыҟаз шьақәдырҕәҕәоит ар-хеологиатә ҧшаара-қәа. Археологиатә ҧшаарақәа мҩаҧигеит Генрих Шлиман ҭырқәтәыла аҵакыра дгьылаҿ жәаҩатәи ашәышықәсазы. Ақалақь Троиа, троиатәи аибашьрала зегьы ирдыруа иҟалеит. Троиатәи аибашьра ари легендоуп. Абырзенқәа троиаа ирабашьуан. Уи зыхҟьаз зеиҧш дыҟамыз аҧҳәызба ссир Елена лоуп. Уи аамҭазы уи адунеиаҿ зегь раасҭа иҧшӡаз аҳәса дреиуан. Уи спартантәи аҳ Менелаи иҧшәма ҧҳәыс лакәын. Аха, уи бзиа дибеит троиатәи арҧыс Парис. Троиатәи – Парис Елена дымҵаирсуеит. Менелаи Елена лырхынҳәразы аибашьра далагеит. Ари алегенда иазкны ирацәаны ашәҟәқәа рыҩҩхьеит. Акинофильмқәа рацәаны иҭырххьеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Вольфгрант Петерсен ифильм «Троиа». Ароль хада ари афильм аҿы инаигӡоит Бред Пит. Троиатәи аибашьраҿы абырзенқәа рхы иадырхәеит амҿы иалхыз аҽы. Аҽы даараӡа идуӡӡан. Абырзенқәа аҽы аҩнуҵҟа реибашьцәа ҭадыртәан, рықалақь агәашә иларгылан, рҽырҵәахит. Троиаа, ас еиҧш аҽ дуӡӡа анырба даара иџьаршьеит, ақалақьахьгьы иҭаргалеит. Уахынла, аҽы аҩнуҵҟантә аибашьцәа ҭыҵын абырзенқәа ақалақь иҭырыжьлеит. Петра Петра Иорданиа иҟоуп. Ари ақалақь ацаҟьа иалхуп. «Петра» – ахроуп. Уи арабцәа идыргылеит аҩбатәи ашәышықәсазы. Ақалақь аҿы инхон иреиҕьыз ахаҳә азҟазацәа. Ари ижәытәӡаз ахәаахәҭратә центрын. Петра иаауан лассы-ласс египети абырзени ахәаахәҭцәа. Ҳаамҭазтәи Петра туристтә центруп. Уахь иаауеит еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә зеқьҩыла атуристцәа. Араҟа иҟоуп зеиҧш ыҟам Ель-Хазне аныхабаа. Ажәа «Ель-Хазне» афараон иҭаҵәах аанагоит. Уи мавзалеиуп, «Ель-Хазна» акәын аҵыхәтәантәи Аџьартә еибашьра, «Индиана – Джонс» афильм аҭыхрақәа ахьымҩаҧысуаз. Ари афильм инеиҵыхыу асериал Индиана Джонс изкны иҭыхыу ахҧатәи ахәҭоуп. Индиан Джонс ироль дыхәмаруеит Харрисон Форд. Ахҭысқәа мҩаҧысуеит зқьи жәшәи ҩажәи жәаа шықәсазы. Афырхацәа Иҧшьоу Грааль аҧшаара иашьҭоуп. Грааль ари Иисус Христос аҩы злажәуаз ихьыҵәца акәын. Индиана Джонс шәара иаразнак дыжәдыруеит. Ишаҧу еиҧш уи ашлиапа ихоуп. Ацәа иалхыу акьаҿ ишәуп. Иара убас уи имоуп жәа фунтк иҟоу аҟамчы, иара убас акьарахә. Мачу-Пикчу Мачу-Пикчу Аладатәи Америка Перу иҟоуп. Ари ажәа ижәытәу ашьха аанагоит. Лассы-ласс уи «Инкаа ибжьаӡыз рықалақь» ҳәа азырҳәоит. Иара ҩнызқьи хышәи инежәа жәаба метра ашьха ҳаракыраҿы иҟоуп, уи инкаа жәохәтәи ашәышықәсазы идыргылеит. Инкаа, Аладатәи Америка инхон, дара аеспанеццәа ирымпыҵархалеит, аха ирыздырӡомызт ари ақалақь шыҟаз. Уи аамҭазы аинкцәа Мачу-Пикчу аанрыжьхьан. Жәохәтәи ашәышықәсазы аинкцәа напхгара риҭон аимператор Пачакути. Аҵарауаа ишьақәдырҕәҕәоит Мачу-Пикчу Пачакути аҧхынтәи ирезиденциа акәын ҳәа. Аинкқәа аҩыра рымаӡамызт, убри аҟынтә аӡәгьы издырӡом уи иус данахагылаз аамҭа. Мачу-Пикчу шәышықәса раҧхьа ирыҧшааит. Иахьа Аладатәи Америка атуристцәа бзиа ирбо аҭыҧқәа иреиуоуп. Ҩнызқьи быжьба шықәса азы Мачу-Пикчу адунеи аҭыҧ ссирқәа ишреиуаз азхаҵан. Паленке Ақалақь Паленке Мексика иҟоуп, Мексика аҵакырад-гьылаҿ жәытә-натә аахыс ауаа нхон. Урҭ маиа ацивилизациа ҳәа ирышьҭан. Паленке маиа ацивилизациа иатәыз қалақь дуӡӡан. Уи рполитикатә культуратә центрын. Иахьазы ари ақалақь дуӡӡа ахыжәжәарақәа роуп иаанхаз. Урҭ иҷыдоу ахьчара рымоуп. Паленке ақалақь аилабгарақәа Паленке Амилаҭтә парк агәҭа иҟоуп. Еиқәхеит, ахан аилабгарақәа, Амра аныхабаа, Аџьар аныхабаа, аныхабаа Акыдҩыларақәа. Аҵарауаа ари ақалақь ҭырҵаар рҭахуп. Дара ргәаанагарала Паленка ажәабатәи ашәышықәсазы иқәхын абнауаа рқәылара иахҟьаны. Персеполис Персеполис Иран иҟоуп. Ари ижәытәӡатиу қалақьуп. Аџьамқәа Персеполис ҩнызқьи хәышә шықәса рышьҭахь идыргылеит. Ҳаамҭазтәи Иран Персиа ҳәа иашьҭан ҧахьа, «Персеполис» аџьамқәа рықалақь аанагоит. Џьамтәыла ирацәаны атәылақәа ампыҵанахалеит, убри аҟынтә Џьамтәылатәи аимпериа ҳәа ахьӡын. Иара даараӡа идуӡӡан, Џьамтәылатәи аимпериа ҧшь-аҳҭнықалақьк аман. Урҭ иреиуан Персеполис. Аџьамқәа римпериа даара ибеиан. Дара ахьи араӡни ирацәаны ирыман. Персеполис аргыларазы ахарџьқәа рацәаны иҟаҵан. Хышәы ҩеижәижәба шықәса азы Александр Македониатәи Персеполис импыҵаихалан, ирбгеит. Александр Аџьамцәа римпериа даналала анаҩс ирыбган. Персеполис, Паленке, Мачу-Пикчу, Троиа ауаа ықәынхоижьҭеи кырӡа ҵуеит. Урҭ рҳәынҭқарра иагәҭан. Иахьа урҭ ахыжәжәарақәа роуп ирҭынхаз. Убри аҟынтә урҭ ибжьаӡыз ақалақьқәа ҳәа ҳрышьҭоуп. Иахьа урҭ атуристцәа бзиа еицырбо ҭыҧқәоуп. Есышықәса зеқьҩыла атуристцәа аҭаауеит. Ибжьаӡыз ақалақьқәа рхыжәжәарақәа ахьыҟоу атәылақәа иркультуратә ҭынхоуп. Иунеско Адунеизегьтәи аҭынха асиа иануп.
Download