Апланетақәа

\ Апланетақәа   Аҧхьажәа Амреи, Амзеи, аеҵәақәеи рыдагьы, акосмос аҟны апланетақәагьы ыҟоуп. Акосмос ақәыҧшыра аҟны зегьы ыҟоуп: Ажәҩантә амаҭәар, апланетақәа, урҭ ируакуп – адгьылгьы. Акосмос қәыҧшыроуп, уи хаангьы нҵәара амаӡам. Аплонетақәа акосмос аҟны инхо роуп. Апланета аҧсышәала иаанаго жәдыруама? “Аҟьала”. Апланета аиашазы аныҟәара алшоит, ахатәы орбита амоуп, уи иаакәыршаны иныҟәоит. Убри азын иахьӡырҵит “Аҟьала”. Апланетақәа амза ааигәара иҟоуп, убри азы аҭҵаарадырҩцәа урҭ рзы ирҳәоит, апланетақәа Амра аилазаара аҟны инхоит ҳәа. Амра аилазаара аҟны аҭҵаарадырҩцәа жәпланетак рыҧшааит. Шәааи акакала иаҳдырп урҭ, иаҳбап иҟоу апланетақәа рҿы. Апланетақәа 1. Меркури – ари апланет зегь реиҳаӡа амра иазааигәоу ауп. Уи абара адгьыл аҟнытәгьы алшара ыҟоу, ианааилашәшәалак. Аҭҵаарадырҩцәа Меркури ибзианы ирзымбит, ирызҭымҵааит, избанзар уи ахь анеира акосмостә аҕбақәа акы заҵәык ауп изылшаз. Урҭ адгьыл ахь адырра ааргит, Меркури ақәыҧшыра аҟны даараӡа аҧҭа дуқәа ыҟоуп, ргәы иаанагоит уи аметиорқәа рыҟнытә аҽыхьчаразы ицәырҵит ҳәа. Меркури даараӡа еиҧшзаап Амза, ирласны иныҟәоит. Апланета аҟны аӡы ыҟаӡам, аҧша зынӡа иасуам. Меркури аҟны даараӡа ишоуроуп ҽынла, уахынла зегьы ҵаауеит. Убри аҟнытә уаҟа аҧсҭазаара ыҟам. 2. Венера – адгьыл аҳәшьахәыҷы ҳәа иашьҭоуп, избанзар уи даараӡа адгьыл еиҧшуп. Венера егьырҭ апланетақәа раасҭа адгьыл иазааигәахоит ианныҟәо. Меркури еиҧшымкуа Венера еснагь ишоуроуп, уаҟа есангь аҧша асуеит. Иакымкуа акосмостә аҕбақәа иазааигәахеит Венера, ибзианы ирбарц азы, аха иаразнак иадҵит. Акосмостә аҕьақәа акы блит Венера аҟны иҟаз ашоура амшала. 3. Адгьылари апланета аҟны ҳарҭ ҳанхоит. Уи апланета заҵәы аҟны ауп аҧсҭазаара алшара ахьыҟоу. Адгьыл аҟны аӡгьы ыҟоуп, ахбарсҭагьы. Адгьыл аныҟәара алшоит, аха уи ҳара иаҳбом, ҳцәанырра иалам. Аха адгьыл аҵысра ҳбоит. Адгьылҵысра аан адгьыл аформа аҧсахуеит. Ирҳәоит уаанӡа Америкеи, Африкеи аконтинентқәа еидын, нас еидыҵит ҳәа. Уажәгьы иҟалар ҟалоит ҩконтинентк еизааигәахар, еидылар. Адгьыл аҟны аҧсҭазаара ззыҟоу, ҳарҭ иҳамоуп Амра аҧхара, алашара, аӡы, аҳауа. 4. Марс – апланета иҟаҧшьу аҧштәы амоуп, Уи “Апланета ҟаҧшьы “ҳәа иашьҭоуп. Марс аҟны авулкан рацәа ыҟоуп, уи ақәыҧшыра ишьхароуп, избанзар авулкан ахәыҵыҩҩра амшала ашьхақәа шьақәгылоит. Аҭҵаарадырҩцәа Марс аҟны иҭабаз аӡиасқәа рбит, ргәы иаангоит Марс аҟны аӡы ыҟан ҳәа. Ари апланета ахь аинтирес ду рымоуп астронавтцәа. Уи азы 2040 шықәсазы Америка иаҵбит Марс ахь раҧхьатәи ауаҩы ишьҭра. 5. Иупитер – зегьы реиҳаӡа идуу апланета ауп Амра аилазаара аҟны, уи убрысҟак идууп, убрысҟак аахаратә амчхара амоуп, ауаҩы Иупитер дақәшәар, шьаҿакгьы изыҟаҵуам… Иупитер Римаа ранцәа хада иоуп. Уи иаҳаҭыр азы иахьӡырҵеит зегьы реиҳаӡа идуу апланета хьӡыс. 6. Нептун – аеҵәа ҧштәы зху планетоуп, адгьыл акыр иадгоуп. Нептун ипланета хьшәашәоуп.. Уаҟа алашарагьы ыҟам, аҧхрагьы. Аҭҵаарадырҩцәа Нептун ибзианы ирызҭымҵааит. Уи азааигәара акосмостә аҕба “Воижес ҩба” авҧрааит. Изҧхьагәаҭаны иҟоуп Нептун ахь даҽа ҕбак адәықәҵара. 7. Уран – агаз дууӡӡа ҳәа иашьҭоуп, избанзар уи иалоу аиҳарак агаз ауп. Уи акыр идууп, Амра аилазаара аҟны идууӡӡоу апланетақәа ирылоуп. Нептун еиҧш, Уран атәгьы ҽеи идырым, аха ари апланета ахь аҕба ашьҭра макьаназы игьазҧхьагәаҭам. 8. Сатурн – асахьақәа рҿы даараӡа идуу агьыжь акуршоуп. Ари агьыжь аҵааи, ахаҳә ссақәеи акузаап. Аахара амчхара иамоу азы арҭ ахаҳәссақәа канаҧсом, Сатурн ааигәара иҟоуп. Сатурн иацныҟәогьы амоуп, ахала иныҟәаӡом ахатәы орбита аҟны. Апланетақәа зегьы рыҟнытә еиҳа ирацәаны иацныҟәо амоуп, урҭ 18 ыҟоуп. Ацныҟәаҩцәа руакы апланета Нептун иаҟроуп. 9. Плутон – ажәбатәи апланета ауп. Аха 2006 шықәса инаркны уи апланетақәа рхыҧхьаӡара иалырхит. Уаанӡа Плутон еиҳа идууп ҳәа ирыҧхьаӡон, аха ашьклаҧшыра аамышьҭахь ирдырит, Плутон еиҳа ишыхәыҷыз. Уи аҵын Плутонгьы ахьӡырҵит, Амра аилазаара планетас ирыҧхьаӡом. Уажәы уи апланета хәыҷқәа ирхыҧхьаӡалоуп. Плутон зегьы рҵыхәан ирбит – 1930 шықәсазы, уи уамашәа иубаша планетоуп ҳәагьы ахьӡырҵит. Егьырҭ апланетақәа раасҭа, Плутон ахатәы орбита аҟны амацара иныҟәом, егьырҭ апланетақәа рорбита аҟынгьы иныҟәоит. Убри аҟнытә уи иҷыдоу, иџьашьатәу планетоуп. Ашьҭахьажәа Апланетақәа даараӡа аинтирес змоу ажәнаҩ ацәажьқәа роуп, урҭ аҵыхәынӡа иҭҵааны иҟаӡам макьана. Адырра аҧшаарагьы даараӡа иуадаҩуп, избанзар апланетақәа шьоукы рааигәара аҭҵаарадырҩцәа рнеира алшара ыҟам макьана. Апланетақәа адгьыл аҟнытә ирышьклаҧшуеит, иҭырҵаауеит, избанзар ҳарҭ урҭ ирызкны еиҳа иаҳдырырц азы.
Download