Ахамелеон

Ахамелеон   Ахамелеон ихәыҷу акы ауп, уи ҳәазоит. Иҳәазо зегьы Рептилии ҳәа ирышьҭоуп. Хамелеон рептилиуп. Хамелеон ахьынчкәакәыр ауа ауп. Ахамелеонқәа реиҳарак адгьылбжьаха Мадагаскари, Африкеи, агәыла адгьылбжьахақәа рҿыи инхоит. Ахамелеон ахкы рацәа ыҟоуп: урҭ шьоукы, Испаниа, Сириа, Арабтәылагьы инхоит Хамелеон аҧсҭазаара аҵас Ахамелеонқәа еиҳараӡак аҵла аҟны инхоит. Урҭ адгьыл ахь зынӡа илыбааӡом уҳәар ҟалоит. Иҟоуп хкык, уи адгьыл аҟны ауп иахьынхо. Арҭ ахамелеонқәа лассы абҕьқәа рҟны ицәоит, ма аҭыҩраҿы. Ахамелеонқәа шьоукы ашышкламс аҭра аҟны ацәара бзиа ирбоит. Аҧшра Ахамелеон ашьапи, аҵыхәи ххоуп. Аҳәсеи, ахаҵеи ахамелеонқәа рыҧшра зынӡа еиҧшым. Аб еиҳа ашьапы ххуақәа амоуп. Ахамелеон абла дуқәа амоуп. Ахамелеон аблақәа 180 градус иҵәиуеит. Уи иалшоит ҭыҧк аҟны игылазар, имҵысыкуа, аганқәа зегьы рахь инаҧшы-ааҧшыр. Уи афатә аҧшаара аҟны иацхраауеит. Хамелеон даараӡа абз ду амоуп. Уи абз иара аура аҵкьыс ҩынтә иаууп. Ахамелеон иалшоит абыз ала инаскьагоу афатә аагара. Ахамелеон абжьы аҳаӡом. Уи иабоит акумзар, иаҳаӡом. Идыруп ахамелеон Иралсны аҧштәы заҧсахуа атәы. Аҧштәы заҧсахуеит ахамелеон? Ма ианбаҧсахуа аҧштәы? Ахамелеон ианшәо, даараӡа ирласны аҧштәы аҧсахуеит. Уи ашәарҭа ианҭагылоугьы аҧштәы аҧсахуеит, ус ала иаҭахуп аҕа аҟнытә аҽыҵәахра. Ахамелеонқәа рыҧштәы рыҧсахуеит амла ианакуа ма аӡы ржәыр анырҭаху. Ахамелеон аныҟәара Ахамелеонқәа даараӡа ашьшьаҳа иныҟәоит. Урҭ ирласны аиҭаҵра рылшом. Ахамелеон аӡы иӡааҟәрылаӡом, аха уи аӡсышьа аздыруам. Ахамелеон аӡы аҟны еиқәхар ҟалоит, ацәгәырҧа уи аҟәара ахь идәықәнаҵар. Ахамелеон иафои? Ахамелеон ахуаҷамаҷа афоит. Ахамелеон дуқәа ирылшоит ахьынчкәыкәыри, аҵыси афара. Ахамелеон аҧсҭазаара азы аӡгьы аҭахуп. Уи аӡы абз ала иажәоит. Шьыжьыла, аҵла абыҕьқәа рыҟны аӡаӡа аныҟоу, ахамелеон уи абыз ала иагоит. Ижәдыруазу, ус? … – Ахамелеон иангәаауа, уи аҧштәы аҧсахуеит! Шаҟа игәаауа аҟра убрысҟак ацәа аҧштәы еиҳа ишкәакәахоит. – Ахамелеон шықәсык ҩынтә ацәа аҧсахуеит. – Аҧҳәыс хамелеон фба инаркны ҩынҩажәа аҟнынӡа акутаҕь шьҭанаҵоит аҭара аҟны. Аҭра аҟаҵара уи ахаҵа хамелеон ацхраауеит.
Download