Ажәҵысқәа

Ажәҵысқәа   Аӡын ааит. Ажәҵысқәа атәыла ҧхақәа рахь иҧыруеит. Ажәҵысқәа аҧхара бзиаирбоит. Ааҧын ааит. Ажәҵысқәа атәыла ҧхақәа рыҟнытә ихынҳәит. Ажәҵысқәа аҧхарабзиа ирбоит. Ажәҵысқәа еицны ихынҳәит. Ажәҵысқәа гәыҧ-гәыҧла иҧыруеит. Ажәҵысқәа рыҭрақәа аҩны абарҵа аҟны иҟарҵоит. Ажәҵысқәа рыҭра акәтаҕьқәахырҵоит. Аҧхын акәтаҕьқәа хылҵуеит. Ажәҵыс еиқәаҵәоуп агәшҧы шкәакәаамоуп. Ажәҵыс аҵыхә ҩыџьара еиҟәшоуп, убри аҟнытә амаркатәыл ҳәа иашьҭоуп.Ажәҵысқәа иҳракны иҧыруеит. Уаҵәы амш бзиа ҟалоит6 Ажәҵысқәа илаҟәны иҧыруеит. Уаҵәы амш цәгьа ҟалоит.  
Download