Аӡышәҭы
Аӡышәҭы Уара даараӡа ашәҭ ҧшӡа рацәаны иубахьазар ҟалап. Даараӡа ашәҭ рцәа рыхьыӡгьы удыруеит. Агәил-ашәҭқәа раҳ ауп. Уи даараӡа иҧшӡоуп афҩы хаа ахуп. Адәыкрын ихәыҷуп, игәкуп. Уи абна аҿықә аҟны аҵлақәа рыҵҟа иазҳауеит. Асышәҭы уи Аҵәҵәашәҭ еиҧшуп. Асышәҭ раҧхьатәи ааҧын ашәҭ ауп. Иудыруоу, иҟоуп ашәҭ уи аӡы аҟны иазҳауеит? Ари ашәҭ аӡышәҭ ахьӡуп. Уи даараӡа иҧшӡоуп афҩы бзиа ахыуп. Аӡышәҭ ишкәакәоуп, игәилҧштәуп, иҩажьуп, ижәнаҧштәуп. Абри ашәҭ убар уҭыххар, аботаникатә абаҳча ахь уца. Аӡышәҭ аҧхын ишәҭуеит.
Download