Азаанаҭқәа

Азаанаҭқәа   Ауаа ирымоуп еиуеиҧшым азаанаҭқәа. Азаанаҭ ари ауаҩы иусура ахкоуп. Уи азы ауаа ироуеит аҧара. Дарбанзаалак инапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа риура иҽазишәоит. Арҵаҩы Арҵаҩы аус иуеит ашкол аҿы. Уи ахәыҷқәа аҧхьашьеи аҩышьеи дирҵоит. Зықәра еиҳау ахәыҷқәа идирҵоит аҭоурых, ахимиа, абиологиа уб. егь. Ари асахьаркыратә фильм «Аннеи Акрали» аҟынтә акадр ауп. Анна Сиамҟа дааит Англиантәи. Уи Сиам акрал ихәыҷқәа аҵара длырҵоит. Анна дырҵаҩуп. Аннеи акрали бзиа еибабеит. Аҳақьым Аҳақьым ауаа ихәышәтәуеит. Аҳақьым иахь ачымазцәа ныҟәоит. Аҳақьым еиликаауеит ачымазаҩ ихьуа, нас ахәшәқәа изылиҩаауеит. Ари Авиценна иоуп. Авиценна Бухаратәын. Иара изкны ирацәаны аҳәамҭақәа аҧырҵахьеит. Легендак ишаҳәо ала, Авиценна ихәыцит ауаҩы наунагӡатәи аҧсҭазаара изҭо, ҧсра иқәымкәа дҟазҵо ахәшә – амҧсра ахәшә. Уи ахәшә еихишеит 40-хәҭа рыла, хаз-хазы асаанқәа ирниҭәалеит. Авиценна иман аҵаҩцәа, урҭ руаӡәы изеиҭеиҳәеит иааиртыз амҧсра ахәшә амаӡа. Авиценна дыҧсраны даныҟаз, уи аҵаҩы иара ииржәыр акәын, акакала ишахәҭоу еиҧш, 40-нтә еихшаны иҟаз ахәшә. Алегенда ишаҳәо ала, аҵаҩы иҧсхьаз Авиценна ииашаҵәҟьаны ииржәит ахәшә. Уи иабзоураны Авиценна дшыҧсхьазгьы, иаҳа-иаҳа аҿахара далагеит. Аҵаҩы 40-тәи асаан ианҭәалаз ахәшә ирҵаҩы ииржәуеит ҳәа дшаҿыз, данынихәаҧш, Авиценна дыҷкәынханы дшықәыз ибеит. Уи даара даргәаҭеин, дахьыныҭрысыз ахәшә ицәкаҭәеит. Убри ауп Авиценнагьы иҧсы зҭамлаз. Абас аҳәоит Авиценна иҧсра иазку алегенда. Аӡбаҩ Аӡбаҩ дзиндырҩуп. Аӡбаҩ азакәанқәа идыруеит. Аӡбаҩ аӡбарҭаҿ аус иуеит. Аӡбаҩ ииашоу аӡбамҭа идикылароуп. Ажәытәтәи Быр-зентәылан аиа-шареи аиашаӡ-бареи рынцәа-хәыс дыҧхьаӡан Фемида. Фемида лыблақәа ҿаҳәоуп, лнапаҿы акапанга лкуп. Архитектор Архитектор иҟаиҵоит аргылара аескиз. Иарбан ргыларазаалакгьы дамоуп архитектор. Архитектор аргылара хылаҧшра азиуеит. Ари ахыбра апроект зтәу Георги Чахава иоуп. Уи гылоуп Қарҭ ақалақь аҿы. Уаанӡа уи Амҩақәа рминистрра иатәын. Иахьа уаҟа иҟоуп «Сақарҭвелос Банки». Ари ахыбра ҳамҭазтәи ақырҭуа архитектураҿ ишедеврны иҧхьаӡоуп. Ахәыҟаҵаҩ Ахәыҟаҵаҩ аус иуеит абар аҿы, акрыфарҭаҿы, мамзаргьы ақьафурҭаҿ. Иара афатәхкқәа ирхиоит. Ақьафурҭаҿ ихадоу ахәы-ҟаҵаҩ ашеф-хәыҟаҵаҩ ҳәа ишьҭоуп. Ари аҳәынаҧ Руми ауп, анимациатә фильм «Рататуи» аҿы ихәмаруа. Руми афатәхкқәа рыҟаҵараҿы иҷыдоу абаҩхатәра амоуп. Убри иабзоураны Руми еицырдыруа афранцыз қьафурҭаҿы ашеф-хәыҟаҵаҩыс иҟалеит. Асахьаҭыхҩы Асахьаҭыхҩы асахьақәа ҭихуеит. Асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа ацәыргақәҵақәа рҿы ирҭиуеит. Ари афотосахьаҿы иарбоуп асахьаҭыхраҿ рхы иадырхәо амаҭәарқәа. Ақыцәқәа, апалитра, ахәшатә шәыгақәа. Қыцәла асахьаҭыхра уадаҩуп. Убри аҟынтә ахәыҷқәа асахьа ҭырхуеит аҧштәы змоу акарандашьқәа рыла. Апошьҭаныҟәгаҩ Аҧошьҭаныҟәгаҩцәа асалам шәыҟәқәеи анҵамҭақәеи иахьрыхәҭоу аҭыҧқәа рҟны инаргоит. Ажәытә аҧошьҭаныҟәгаҩцәа шьапыла, ма ҽыла иныҟәон. Иахьа урҭ амашьынақәеи амотоциклқәеи рыла иныҟәоит. Арныҟәцаҩ Арныҟәцаҩцәа ауаа ҭыҧк аҟынтәи даҽа ҭыҧк ахь иргоит машьынала. Аҳаирплан арныҟәцаҩ ихьӡуп аҧырҩы. Ари еицырдыруа амузикатә гәыҧ «Пинк Флоид» агитарарҳәаҩ Давид Гилмор иоуп. Девид иман иара ихатәы аовиациатә музеи, ҧыҭрак ашьҭахь иҭииз. Иахьа уи имоуп аҳаирплан хәыҷы. Аҧырра аниҭаху аҳаирплан аҧсҟы аанкыланы днақәтәоит, дҧырыҩхоит. Амцарцәаҩ Абна ма ахыбра амца акыр алшоит. Ауаа амцарцәаҩцәа аҭел ирзасуеит. Амцарцәаҩцәа ишзахәо ирласны иааны амца дырцәоит. Амцарцәаҩцәа аус руеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рҿы. Урҭ амашьына ду рымоуп. Амашьына иадҟаҵалоуп аӡҭра. Аӡҭра ӡыла ипеипеиуа иҭәуп. Амцарцәаҩцәа амца дырцәоит ӡыла. Амцарцәаҩцәа ауаа амца иацәырыхьчоит. Амцарцәара даара ишәарҭоу заанаҭуп. Амцарцәараан иҭахоит ирацәыҩны амцарцәаҩцәа. Ашәҟәыҩҩы Ашәҟәыҩҩы ажәабжьқәеи ароманқәеи ииҩуеит. Нас урҭ шәҟәны иҭижьуеит. Ашәҟәқәа ашәҟәыҭирҭаҿ ирҭиуеит. Шәҟәыҩҩцәак ирҩит ирацәаны аҩымҭақәа. Иҟоуп ҩымҭа заҵәык зҩыз ашәҟәыҩҩцәагьы. Иаҳҳәап Роберт Музиль иҧсы ахьынӡаҭаз шәҟәкык акәын аус здиулоз. «Аҟазшьақәа змам ауаҩы» – абас ахьӡуп уи ашәҟәы. Роберт Музиль уи ашәҟәы дзалымгакәа иҧсҭазаара далҵит. Ари аҭыҧ аурыс шәҟәыҩҩы Лев Толстои аус ахьиуаз аҭыҧ ауп. Лев Толстои иаҧиҵеит еицырдыруа аҩымҭақәа рацәаны. Иахьа иара истол зыхә ҳараку музеитә маҭәаруп. Лев Толстои истол иқәуп ашәҟәыҩҩы ихы иаирхәоз амаҭәахәқәа. Артист Артистцәа атеатраҿ, ма акино аҿы ихәмаруеит. Атеатр аҿы иқәдыргыло ахәмарра иахьӡуп аспектакль. Артистцәа инарыгӡоит еиуеиҧшым афырхацәа рхаҿсахьақәа. Афырхацәа ҟазшьалеи ҳаҭашьалеи еиҧшым. Уильиам Шекспир англыз драматургын. Адраматург иҩуеит атеатр азы апиесақәа. Шекспир иара убасгьы дактиорын. Уи Лондонтәи атеатр иқәнар-гылоз аспектакльқәа дрыла-хәын. Шекспир дынхон XVl ашәышықәсазы. Иахьа иреиҕьу артистцәа ралкааразы иаҧҵоуп ирацәаны аҳамҭақәа. Урҭ рахх иаҵанакуеит америкатәи акиноакадемиа аҧхьахә «Оскар». Аруаҩ Аруаҩ иҧсадгьыл ихьчоит. Аибашьраан аруаҩ деибашьуеит. Аруаа иҷыдоу алеишәатә ҧҟарақәа ирықәныҟәозароуп. Урҭ еснагь аибашьра иазхиоуп. Ашәаҳәаҩ Ашәаҳәаҩ имоуп ашәаҳәаратә баҩхатәра. Ашәаҳәаҩцәа имҩаҧыргоит аконцертқәа. Ари америкатәи ашәаҳәаҩ Бионсе лоуп. Бионсе адунеи аҿы зегь реиҳа ахә ду зхыршәаауа шәаҳәаҩуп. Лара имҩаҧылгоит аконцертқәа. Бионсе ашәа лҳәоит иара убасгьы амал змоу ауаа имҩаҧырго хаҭалатәи адкыларатә ныҳәақәа раан. Убас реиҧш иҟоу аныҳәақәа руак аҿы Бионсе илзыршәеит 1.5 миллион доллар.
Download