Аҧрыгатә аппаратқәа

Аҧрыгатә аппаратқәа   Аҧхьажәа Ихҩа ублақәа, ухаҿы иааг, аҵыс еиҧш аҧырра улшошәа. Уабацоз? Иубози? Ухаан иумаҳацзар, иумбацзар аҳаирплан, аҧырра закәу? Иаҳбап иџьоушьаша машьынақәак, аҧырра алшара ҳазҭо. Ауаа еснагь аҧырра рҭахын. Урҭ ирбон аҵысқәа шыҧыруаз, иазхәыцуан, шаҟа иџьашьахәытәхозеи уи! Шьоукы рхы ршәеит, ас еиҧш иҟоу амашьына аҟаҵара, хыхь аҳауа ахь аҧырра зылшо. Хаҵак иҟаиҵит ахәыҷтәы хумарга аҵәи, уи аҳауа аҟны аҵәира алшон. 14 тәи ашәышықәсазы еицдыру асахьаҭыхҩы – Леонардо да Винчи иҭихит иџьоушьашаз ааҵәиҧрыга аескиз. Уи аус ауыр алшон, аха ахаангьы идмыргылеит… Уи ескизны иаанхит … Ауаа аҧышәа мҩаҧыргон: Амҵәыжәҩақәа рыжәҩа иарҭон уи ала “иҧыруан”. Зегьы аҵахит аха урҭ даараӡа ирҭахын аҧырра. Аҧырра аҭоурых 1783 шықәсазы ҩыџьа афранцызцәа аҳауатә ампыл ҟарҵит. Раҧхьаӡа уи ала иҧрит ауаса, арбаҕь, аҟыз. Џьорџь Кеили иргылеит раҧхьаӡатәи апланер уи иидеақәа ртәы раҧхьаӡа зегьы ирдырит 1889 шықәсазы. Нас уи акухеит шьаҭас ироуит аешьцәа Раитераа еиуеиҧшымз ридеақәа рзы. Олвири, Вилбери Раитераа ажәытә аидеақәа зегьы рҵеит. Иара убас урҭ иҭырҵааит, ажәытә аидеақәа аҧырра зрылымшаз атәгьы. Аҧышәа рацәа аамышьҭахь урҭ идыргылеит раҧхьатәи ақәҿиара змаз аҳаирплан, уи арныҟәага аман. Уи аӡәы имацара арныҟәара илшон, аешьцәа уи аӡәаҽӡәала иҧыршәон. 1903 шықәса ҧхынҷкунмза 17 Олвир иаамҭа акун. Уи аҽны уи минуҭк дыҧрит 260 метр дахысит. Уажәшьҭа ауаҩы аҧырра илшоун! Аҳаирпланқәа Уи инаркны аҳаирпланқәа акырӡа еиҕьыртәит, раҧхьаӡатәи аҧырра алшара аамышьҭахь. Шәарҭ аҳаирплан ала шәҧырхьазар? Абас еиҧш иҟоу аҳаирпланқәа иркоит 450 ҩык аныҟәаҩцәа, реидара рыманы. Ас еиҧш иҟоу аҳаирплан иалшоит атәыла ма адунеи ахҧраара. Аҳаирплан рацәа, ҟаҵоуп даараӡа иҳракны, ирласны аҧырразы, ахы ианархәоит ареактивтә арныҟәага ҕәҕәақәа. Урҭ аҳаирплан ҧхьаҟа иагәҧасуеит: уи азы аҳаирплан ахы ианархәоит ишу агаз. Аҳаирпланқәа шьоукы ирылшоит аҧырра абжьы аццакрала еиҳа ирласны. Ажәытә аҳаирпланқәа ирыман арҵәитә арныҟәагақәа. Арҵәиқәа зегьы хазы-хазын, аус руан аҵыс амҵәыжәҩа еиҧш. Амҵәыжәҩа анхаҵәиуаз урҭ аҳауа ааргон. Ари аҵысра аҳаирплан ҧхьаҟа аҵара алшара анаҭоит. Апилотцәа ихыҷз ауаа ракун. Арҵәи змоу аҳаирпланқәа аҳаиртә атрукқәа рзы рхы иадырхәоит. Афермерцәа уи амхқәа аӡырықәҭәаразы рхы иадырхәоит. Аҳаирпланқәа шьоукы изызку заа идырны иҟарҵоит. Аҧошьҭатә аҳаирпланқәа асаламшәҟәқәа ииаргоит уахырла. Арратә ҳаирпланқәа аидара ииаргоит, еишьҭагыланы иҧыруеит. Аҳаирпланқәа шьоукы аофисқәа реиҧш иҟаҵоуп, уи ауаа аныҧыруа аамҭазыгьы аусуратә аиҧыларақәа рымҩаҧгара алшара рнаҭоит. Аҵәиҧрыгақәа Аҵәиҧрыга аҧырратә машьынақәа даҽа хкык ауп. Урҭ ирылшоит аҧырреи, атәареи иаахьаарҭаху аҭыҧ аҟны. Аҵәиҧрыгақәа зегьы ирымоуп ҩроторк (атурбина). Аротор ду хыхь иамоуп аҵәиҧрыга, ахәыҷы ацхыраара инаҭоит апилот аҵәиҧрыга арныҟәараҿы. Аҳаирпланқәа иреиҧшым аҵәиҧрыгақәа, урҭ шьҭахьалеи, ихыргьыжьни аҧырра рылшоит. Урҭ аҳауа аҟны аангылара рылшоит. Аҵәиҧрыгақәа шьоукы ирмазеиуп аидара амҩангагаразы. Зны-зынла амцарцәаҩцәа рхы иадырхәоит абылра арцәараҿы. Аҵәиҧрыгақәа еиҳа ирласны иҧруеит, амашьынақәа раасҭа. Ахәшәтәырҭақәа аҵәиҧрыгақәа рхы иадырхоит ааха зауыз ауаа ирласны риагаразы. Аполициа рхы иадырхәоит ацәгьара зуз иҧшаареи, иаанкылареи азы. Аиқәырхаратә агәыҧқәа урҭ ауаа рыцхырааразы рхы иадырхәоит. Адилижабрқәеи, аҳаиртә ампылқәеи Ишу аҳауатә, аҳауатә ампылқәа даараӡа ашьшьаҳа иҧыруеит. Урҭ ирылшом ахырхарҭа алхра, урҭ ҧыруеит аҳауа ахьасуа ахь. Агаз иарҧхоит аҳауа, аҳауатә ампыл агәҭаҿы, иаршәуеит уи аҳауа хьшәашәа ахь. Ауаа аҳаиртә ампыл ала иҧыруеит ргәыхәаразы. Уи даараӡа ибзиоу мҩауп, атәыла зегьы хыхьынтә абаразы. Дирижабль – уи иҧыруа амеханизм ауп, уи лассы абара алшара ыҟоуп аспорттә аусмҩаҧгатәқәа рҿы. Аирижабыль еицыхәхәоу аҧшра змоу аҳаиртә ампыл ауп, уи агелиумтә агаз ахы ианархәоит. Уи иамоуп ҩба ихәыҷу арҵәитә моторқәа, уи ала анеира дахылаҧшуеит изырныҟәо, избанзар адирижабль даараӡа ашьшьаҳа иҧыруеит, урҭ ауаа рызҿлымҳара аадырҧшуеит, убри азы ахеилакарқәа уи ианырҵоит рыхьыӡқәа аӡырга азы. Аракетақәеи, акосмостә аҕбақәеи Аракета иамоуп даараӡа иҕәҕәоу арныҟәага – амотор уи аҟнытә аҳауа шы алсуеит. Абри агаз алшарала аракета ахырхарҭа алнахоит. 1957 шықәсазы Асоветтә Еидгыла адунеи зегьы аџьашьахура рнаҭеит, раҧхьаӡа ахы иананархәеит асателит аус аруразы. Асателит ахьыӡ “Спутник” акун. Уи зегьы рызҿлымҳара акухеит. Ауаа аҳауатә аныҟәара азы аҽазыҟаҵара иалагеит, астронавтцәа ракухарц азы. Уи аамышьҭахь аракета ауаҩы амза ахь днанагеит, уаҟа иҟаҵарц раҧхьатәи аҳауатә аангыларҭа. Аҳаиртә амарқәа (арныҟәага ахуҭа) иацхраауеит аракета аҳауа ианалало. Уи иагоит астронавтцәа жәларбжьаратәи аҳаиртә аангыларҭа ахь. Адгьыл ахь аханҳәразы уи амҵәыжәҩақәа ацхраауеит, аҳаирплан тәарц. Аҧырраз егьырҭ алшарақәа Иахьа аҧырразы алшара рацәа ыҟоуп. Ашьха аҟнытә аҧырра ҟалоит апарашут ала, уи хәыҷы-хәыҷы илаҟәуеит адгьыл ахь, аҧыруеит аҧша ахьасуа. Акыр аамҭа аҧхьа иҟан агәаанагара аҧырра аҵысқәа роуп изылшо ҳәа… Иахьа ауаа рацәа ирымоуп аҧырра алшара … Шәарҭ шәабаҧыруаз?
Download