Адинозаврқәа

Адинозаврқәа   Адинозаврқәа даараӡа акыр аамҭа, ажәытәра аан адгьыл иқәынхон, урҭ ауаҩыи, егьырҭ аҧстәқәеи ҟалаанӡа инхон. Урҭ 230 милион шықәса раҧхьа ицәырҵит, 165 милион шықәса инхон. 65 милион шықәса раҧхьа иқәыӡӡаит. Иахьа ииашаны аӡәгьы издыруам, урҭ рықәыӡӡара мзызс иамаз. Шьоукы ирҳәоит адинозаврқәа ықәымӡӡаит, иҿиан рыҧшра рыҧсахит ҳәа. Аҭҵааҩцәа ҷыдала аинтирес рымоуп урҭ рыҧшра, аҧсҭазаара аҵасқәа. Убри аҟнытә ирыӡбит, аҧсыжырҭақәа рыжра. Аинтирес змаз афактқәа рыҧшаарц азы. 1824 шықәса Британиатә аҭҵааҩы Уилиам Бақленд раҧхьаӡа иҧшааит адинозавыр ажырҭа. Уаҟа иҧшааит уи ацлымҳәа абҩа. Ари абҩа Бақленд иадикылеит даараӡа идууыз аҧстәы, уи Мегалозавр ахьӡиҵит, уи ахьынчкукур ду аанагоит.“Адинозавр” ахьыӡ раҧхьаӡа 1842 шықәса ицәырҵит, уи Британиатә аҭҵаарадырҩы Ричард Оуен иалаиҵит. Зегьы реиҳаӡа идуу адинозавр адунеи аҟны уи Сеисмозавр аупж уи аура аҭҵааҩцәа ргәаанагарала 50 метр иҟан. Зегьы реиҳаӡа идуу аҧстәы бааҧсы – Гиганто – завр акун. Аура – 12,5 метр; акапан 8 тонак иҟан. Зегьы реиҳаӡа иауыз аҧстәы баасы – Спино – завр акун. Аура – 17 метр, акапан дырым. Зегьы реиҳаӡа ихәыҷыз адинозавр акубтә ашьха еиҧшу кольбр акун, акапан 1, 6 грамм. Зегьы реиҳаӡа еицдыру ибааҧсу Тиранозавр акун.
Download