Аџь

Аџь   Аџь еснагь ииаҵәоу, акыр иҳаракны изызҳауа ҵиаауп. Аџь даара бзиа иабоит амреи аҧхареи, аха аӡынтәи ахьҭақәагьы ицәгьамкәа иачҳауеит. Аџьҵла шәҭуеит маии иуни рзы, аџьрыцқәа ҟалоит сентиабр азы. Аџь даара ихәарҭоу ҵлоуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Уи ашьапы шәпа аус анадырулалак ашьҭахь еиҳагьы иҕәҕәоу, зыхә ҳараку ргыларатә маҭәахәхоит. Аџь амҿымаҭәахә еиқәароуп, убри аҟынтә адекоративтә мҿлыхқәа рыҟаҵараҿы рхы иадырхәоит. Иара убасгьы аџь ацәа хәшәык аҳасабала ахархәара ҟалоит. Аџь уамакала бзиа избо аҩнытә ҧстәқәа рҟынтә – аҳәоуп. Аџь иаҿало ашәыр-аџьрыц ахьӡуп. Аҳәақәа, егьараан уҧшыргьы, аџьҵла иамҵаланы аџьрыц афара иаҿуп. Ирацәоуп атәылақәа, Қырҭтәылагьы убрахь иналаҵаны, еиуеиҧшым аџьхкқәа ахьрызҳауа. Анаҩс ҳара ишәзеиҭаҳҳәоит, аџь иахьазҳауа аҭыҧқәа, Қырҭтәыла иуҧыло иарбан хкқәоу, насгьы иарбан џьыҵлақәоу еиҳарак еицырдыруа.   Аџьҵла аизҳарҭа аҭыҧқәа Иҟоуп 400 инаркны 600 рҟынӡа аџь хкқәа. Урҭ Адгьыл аҿы еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҟны ирызҳауеит. Еиҳарак уи лассы-ласс иуҧылоит Аҩада Америкеи, Америка агәҭеи, Мексикеи Колумбиеи атәылақәа рҿы. Иҟоуп Карибтәи амшын иаҵанакуа адгьылбжьахақәа рҟны иуҧыло аџь хкқәагьы. Хкқәак ирызҳауеит Евразиа, Қырҭтәыла убрахь иналаҵаны, иара убасгьы Аҩада Африка атәылақәа рҿы. Ҳара ҳзызҿлымҳау еиҳарак аџь хкқәа роуп. Урҭ еснагь ииаҵәоу ҵиаақәоуп. Урҭ ҧшь-хкык ыҟоуп. 1. Алаҟәыратәи аџь – аџьқәа зегь рахьтә еиҳа иҳараку ҵлоуп. Аџьрыц ааизыҳәҳәаны иҟоуп. 2. Колхидатәи аџьари аҵла аура бжьаратәуп. Егьырҭ излареиҧшым уи ауп, хыхь ақәцәахь иамоу абҕьқәа еиҳа иҟьаҟьоуп, ахәы ҟәымшәышәгьы рықәуп. Колхидатәи аџь даара имаҷны иуҧыло акоуп, убри аҟынтә уи Ашәҟәы ҟаҧшь ианырҵеит. 3. Ашьхаҳаракыратә, мамзаргьы амрагыларатәи аџьҵлаИара уиаҟара иҳаракым, амахәқәа рацәаны иамоуп, насгьы урҭ амахәқәа еиҳа ишәпоуп. Мрагыларатәи излареиҧшым убри ауп, џьарак 4-5 џьрыц аҿалоит, насгьы урҭ еиҳа иҟәазқәоуп. Ашьхаҳаракыратә аџьАзиа иҟоу ажәытәӡатәи аџь хкқәа иреиуоуп, иқәӡаауа акоуп ҳәа иҧхьаӡоуп, убри аҟынтә Ашәҟәы ҟаҧшь иануп.   Еицырдыруа аџьҵлақәа Ижәытәӡатәиу Европатәи аџьҵла иазҳауеит Австриа, Бад-Блуменау ақалақь аҿы, уи 1200 ш. ахыҵуеит. Ари аџь адиаметр наӡоит 7-8 метра. Робин Гуд иџьҵла. Англиа, Шервудтәи абнаҿы иазҳауеит 800-1000 ш. зхыҵуа, Робин Гуд иџьҵла ҳәа изышьҭоу аџь. Ирҳәоит Робин Гуд иҩызцәеи иареи аҕа данрықәла, абри аџьҵла иалатәаны рҽырҵәахит ҳәа. Убри нахыс Робин Гуд зегьы иреиҕьишьон абри аҵла. Англиа иахьа уажәраанӡагьы ари аџь аӡбахә зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит. Аџь-апошьҭамҩангаҩ. Германиа иҟоу ақалақь Оитен аҿы иазҳауеит убри еиҧш аџь, уаҩы ибла иамбо аҵлагәаҩара змоу. Убри аҵлагәаҩара, ирҳәоит, бзиа иеибабо ҩыџьа рысалам шәҟәқәа ахьҭарҵо ҭыҧуп ҳәа, ҧошьҭатә кәалаҧны иҟарҵеит ҳәа. Уи аџьҵла 500 шықәса ахыҵуеит. Ажәытә ҳәамҭа ишаҳәо ала, бзиа иеибабо ҩыџьа зыгәра ганы рымаӡа змардаз ҵлоуп. Анкьа зны арҧыси аҧҳәызбеи бзиа еибабозаарын, аха аҧҳәызба лаб дақәшаҳаҭмызт, еибагар иҭахымызт, еиҧыларгьы иуамызт. Аҷкәыни аӡҕаби абри аҵлагәаҩара иҭарҵаларц рыӡбеит еимырдоз абзиабаратә салам шәҟәқәа, дара ргәанала уаҩы иахьимбоз. Аха ари ихәыҷушәа иҟаз аҵлагәаҩара аҩныҵҟа еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан, аҵлагәаҩара ду алҵуан. Ишнеи-шнеиуаз ари аџьҵла абзиабара аҵла ҳәа азырҳәо иалагеит. Еибагоз аӡәырҩы иара амҵан рыҧсҭазаара еиларҵон.   Аџьҵла иазку ажәабжь Ишаҳбо еиҧш, аџьҵла даара аӡәырҩы бзиа ирбо иџьашьахәу ҵлоуп. Алитератураҿ аџь амчи ачҳареи ирсимволуп. Ирацәаны ажәабжьқәеи ажәеинраалақәеи рҿы хаҿсахьа хаданы иаарҧшуп. Анкьа, санхәыҷыз аџь иазкыз жәабжь џьашьахәык саҧхьеит. Уи ажәабжь зҩыз Реваз Инанишвили иоуп. Ашәҟәыҩҩы имоуп ахәыҷқәа рзы егьырҭ ажәабжьқәагьы, аха сара еиҳарак исгәаҧхаз абри ауп. Ишәзеиҭасҳәар сҭахуп, иҟалап шәаргьы ишәгәаҧхаргьы. «Уи аџьҵла абна уахьнылалаҵәҟьоз игылан, акрахыҵуан шьҭа, иажәит ҳәа азуҳәартәгьы иҟан. Амахәқәагьы маҷхахьан. Ашоура цәгьақәа раан ашәшьыра ҟанаҵомызт, аџьрыцқәагьы шьҭа иаҿаломызт. Зегьы ирхашҭхьан, иажәыз аҵла ӡәыр иҭахызма. Аешқәаҵәҟьагьы аџьҵла агәаҩарақәа ааныжьны ицахьан. Игылан аџь рыцҳа нкахәыцуа, изхысыз ашықәсқәа рыхьанҭара ажәҩақәа ирықәыҕәҕәо, алахь еиқәышьышьы ажәҩан иаҵаҧшуа. Ихарамкәа иара иавагылан иҟатаӡа изызҳауаз алҵла ҧшӡа. Ҽнак зны ал ашәшьыра аҵаҟа рыҧсы ршьарц иааҭгылт ашәарыцацәа. Акрырфеит, акрыржәит. Рқьафқәа аныҟарҵа ашьҭахь, рыбжьы рдуны, реиҳа еиҕьны ихысуа ҳәа аимакра иалагеит. Нас шәақьла ахысраҿы еицлабырц рыӡбеит. Зыӡбахә ҳамаз аџьҵла алырхын, иақәкны ихысуа иалагеит. Ахы ақәшәацыҧхьаӡа аџьҵла рыцҳа ахьаа ҕәҕәа азцәырҵуан, иазымычҳакәа иҕызы-ҕызуан иахьгылаз. Ашәарыцацәа рызхара ианхыс рыҩныҟақәа ицеит. Ақәоура иалагеит. Аџьҵла ахәрақәа анышә цәаак рықәыҧсеит, ахьаақәагь маҷӡак иааиқәтәеит. Ицеит ашықәсқәа. Ашәарыцацәа руаӡәык имаҭа хәыҷ диманы дшааиуаз, абри аџьҵла инамҵагылт. Ашәарыцаҩ идырит ари аҵла. Абар ассир, уи ианыз ахәрақәа рҭыҧқәа рҿы ирызҳауан адәыкрынқәа. Ашәарыцаҩ имаҭа аӡҕаб ҧшӡа хәыҷы, адәыкрынқәа анылба, длаҟәын аџьҵла лнапхәыҷқәа накәлыршеит. Ашәарыцаҩ дааҟәымҵӡакәа абри аҵла дахәаҧшуан. Уи иазыруз анигәалашәалак дыҧхашьаны ицәа дыҭӡыӡаауан. Иҟаиҵара дақәшәомызт, нас аҵла аҧхьа днеины иха ларҟәны ихылҧа ааихихит, саҭаумҵан абааҧс, иҳәозшәа. Абас инҵәеит ари ажәабжь. Ашәарыцаҩ еиликааит аџьҵлагьы аҧсы шҭаз, иҧуҟар ажьы шахьуаз, аҧсгьы шахьуаз. Зегь реиҳа сара исгәаҧхаз, ашәарыцаҩ ишихараз еилкааны, аџьҵла аҿаҧхьа аҭамзаара ахьышьҭеиҵаз ауп. Иҟашәҵарыз шәара, ашәарыцаҩ иҭыҧан шәыҟазҭгьы?
Download