Изакәи ажәамаана

Изакәи ажәамаана   Ажәамаана алитературатә жанырқәа ируакуп. Уи шәагаала имаҷуп. Ажәамаана афырхацәа аҧстәқәа, аҵиаақәа, ауаа роуп. Ажәамаанаҿы ауаҩы ихаҿсахьа аҧстәқәа рыла иаадырҧшуеит. Ажәамаанаҿы аҧстәқәа ауаҩы ипрототипны иҟалар алшоит. Ажәамаана ауаҩы ахшыҩ инарҵоит. Ажәамаана ахшыҩ узырҵо ҩымҭоуп. Ажәамаана зыҩуа ауаҩы ажәамаанаҩҩы ҳәа ишьҭоуп. Еицырдыруа ажәамаанаҩҩцәа Ари ашәҟәы аҿы шәара шәаҧхьар шәылшоит, еицырдыруа ажәааманаҩҩцәа – Езоп, Иван Крылов, Готхольд Лессинг реиҧш иҟоу ртәы. Езоп Езоп, Адгьылаҿ зегь реиҳа иҿаасҭаз, аха зегь раасҭа иҟәыҕаз ҳәа изырҳәон. Езоп ҳера ҟалаанӡа афбатәи ашәышықәсазы Ажәытә Бырзентәыла дынхон. Езоп тәыс дыҟан (дтәын). Уи игәаанагара изҳәаӡомызт. Уи ажәамаанала иааирҧшуан ихәыцрақәа. Езоп дҿаасҭан. Ибҕа аџьыҟә аман (ибҕа џьыҟәын). Ишьапқәа еицаҟьан, инапқәа ишьамхы аҟынӡа инаӡон, иҧынҵа дуун (иҵәызын), илымҳақәа џарџаруа иҟан. Ихы-иҿы ҿаасҭан, деиқәаҵәан. Аха уи инаҷыдан, иблақәа разын иагьҟәшын. Дәахьыла дшыҿаасҭазгьы Езоп даараӡа дуаҩ ҟәыҕан. Иара ажәамаанақәа рацәаны иҩҩуан. Езоп ажәамаанақәа рыла аиашеи абзиабареи ауаа ирылаирҵәон. Уи иаҿаҧиҽуан ауаҩы икаҷбеира, имцҳәара, игьангьашьра. Езоп иажәамаанақәа ауаа дара-дара еибырҳәон, ашколқәа рҿы ирҵон, атеатрқәа рҿы иқәдыргылон. Езоп иажәамаанақәа Ашшаҕьыч Ацәҟьа аҵаҟа ача аҧычхақәа каҧсан. Ашшаҕьыч ацәҟьа иныҵаҧрын, ахәаша афара иалагеит. Ашшаҕьыч ацәҟьа иакын инеимаҭәаны аҵәыуара иалагеит: «сара ахьы сымӡеит, араӡны сымӡеит, ача ахәашақәа рзы абри еиҧш ахьырхәра ззсықәшәазеи ҳәа». Ахшыҩрҵара: Амаҷ заур зҭахыу, есымша аикәым ирацәаны дақәшәоит. Аҧҳәысеибеи ақәти Ҧҳәыск деибаны даанхеит. Уи кәтызаҵәык лыман. Есыҽны ақәты кәтаҕьк аҵон. Аҧҳәысеиба ус дхәыцит: саалаган акәты ахәыӡ рацәаны иасҭар, иара ирацәаны акәтаҕьқәа сзаҵоит. Аҧҳәысеиба ус иагьыҟалҵеит. Аха ақәты цәгьалаҵәҟьа иҧсылахан, акәтаҕь аҵара иаҟәыҵит. Ахшыҩырҵара: Ауаҩы иҧсы цәгьамхароуп. Иумоу ахәыҷы ҳаҭыр узақәымҵар, (Иумоу еиҳаны уанашьҭала), иумоу ахәыҷгьы уцәыӡуеит. Ардәына еиқәаҵәа Ардәына еиқәаҵәа ашәыр хаақәа ирымц-класуан. Ашәырқәа даара ихаан азы, ардәына уаантәи ацара аҭахӡамызт. Ардәына еиқәаҵәа ашәарыцаҩ ибеит. Ашәарыцаҩ дахаҩан ардәына дамҵысын икит. Ардәына еиқәаҵәа ус иаацәажәеит: «Ашәырхаақәа схырхын, абар сшахьырхәхаз». Ахшыҩрҵара: Араҟагьы ауаҩы иҧсамҭәра атәы аҳәоит. Ауаҩы аҧсыцәгьара дақәӡуеит (дахьнархуеит). Иван Крылов Иван Крылов ажәамаана зыҩуаз урыс шәҟәҩҩуп. Уи азеижәтәи ашәышықәсазы дынхон. Крылов иажәамаанақәа, Езоп иажәамаанақәа рыла иаҧҵоуп. Крылов иажәамаанақәа жәеинраалала иҩуан. Иван Крылов иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еицырдыруа ақырҭуа поетцәа, урҭ иреиуоуп Акаки Ҵереҭелии Рафаел Ериставии. Иван Крылов иажәамаанақәа Аҳәа аџь амҵа Ҳәак аџь амҵа ашәаҕьқәа афон. Аҳәа ашәаҕь рацәаны ианафа, азхара ҟалан ицәеит. Ианааҧш, еиҭа амла иакит. Инеин аџҵла адацқәа аҵыхра иалагеит. Аџь иқәтәан ахьажь. Ахьажь аҳәа ианаҳәеит: «ус изыҟауҵозеи ҳәа. Аџь адацқәа ыҵыухыр аџь ҩоит». Аҳәа аҭакс иаҳәеит: «суыс иалоузеи, иабасҭаху ари аҵла, иахьсыхәо ҳәа акгьы збом. Усҟан аџь гәаан ҿаанаҭит. «Аҳәажә, ишҧыкәу акгьы сшумыхәаз, ашәаҕь са сакәӡами иузҭоу! Аха уара ухы шьҭыхны хыхь аҧшра улшаӡом!» Ахшыҩрҵара: Ауаҩы гаӡа аҳәа деиҧшуп – аҵара бзиа ибаӡом, иагьизеилкааӡом, уи анасыҧ шинаҭо. Амаамыни абласаркьақәеи Амаамын ажәит, ҽеила иамбо иалагеит. Абласаркьақәа аанахәарц аӡбеит. Абласаркьақәа аанахәан, аҩныҟа иааит. Аҩны ианааи, ишанаало абарцаз, знык аҵыхәа иахьыннарҳалеит, нас иақәтәеит, иафҩит, агьамагьы абеит, аха иазеилымкааит уи ахархәашьа. Аҵыхәтәан игәаан, ус аҳәеит. «Агаӡа, рыгәра шҧазгеи уҳәан-сҳәанқәа, абри ублақәа изларыхәузеи». Иаагәаан абласаркьақәа ахаҳә ианҟьаны иҧнаҽит. Ахшыҩрҵара: Абас ихьуеит ауаҩы, амаҭәахә ахархәашьа ззымдыруа. Готхольд Лессинг Готхольд Лессинг днемец шәҟәҩҩуп. Лессинг жәаатәи ашәышықәсазы дынхон. Лессинг иҩҩуан апиесақәа, ажәабжьқәа, ажәамаанақәа. Лессинг ажәеинраалала ажәамаанақәа ииҩуан. Готхольд Лессинг иажәамаанақәа Аҿаҳәатәы Ҽнак, Петр аҵааҩы иҿы дааит. Уи лассы дыҧсараны дшыҟаз иаиҳәеит. Петр илахь еиқәнаҵеит, иаашар хәлаанӡа аҩыжәра далагеит, ақьафурҭақәарҿы аамҭа ихго. Уи убри еиҧш иҧсҭазаара ахьымҩаҧигоз, ииашаҵәҟьан лассы дыҧсит. Акаҷбеи «О, сара шаҟа срыцҳаузеи» – ҳәа игәыла иеиҳәеит каҷбеик. – «Иухьзеи уара» дҵааит агәыла. Акаҷбеи аҭак ҟаиҵеит – «Иаха сбаҳчаҿы смазара ҭаҵәах рӡеит. Уи аҭыҧан ахаҳә шьҭарҵеит». – «Уи уара ухы иаурхәаӡомызт, арыцҳа иҧшаан ихы иаирхәеит, дагьбеиахеит» – аҭак ҟаиҵеит агәыла». – Убри ауп сыхшыҩ сахызгогьы» – аҭак ҟаиҵеит акаҷбеи. Аҽадеи Абгеи Абга млашьы амҩан аҽада аҧылеит. Аҽада абга иаҳәеит ирыцҳанашьарц, иамфарц Аҽада абга ианаҳәеит, ашьапы амаҕ шалалаз, ишычмазаҩу. Абга аҭак ҟанаҵеит. «Даара сгәы уалоуп, убри аҟынтә сыламс исыднаҵоит ахьаацәгьа уҟыскырц». Абас аҳәан аҽада афеит.
Download