Иапониа

Иапониа   Иҟалап, Иапониа аӡбахә уаҳахьазар. Ари Азиа зегь раҵкьыс аҿиара змоу тәылоуп. Амра зегь раҧхьа игылоит Иапониа, избанзар уи атәылақәа зегь раҵкьыс мрагылара иазааигәоуп. Убри азы Иапониа Мрагылара Атәыла ҳәа иашьҭоуп. Иапониа 128 миллионҩык ауааҧсыра нхоит. Иахьатәи ҳаамҭа иақәшәо атехника зегь реиҳа иахьыҟарҵо Иапониа ауп. Убри азы Иапониа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ртәыла ҳәа иашьҭоуп. Иапониа ҳаамҭа иақәшәо тәылоуп, аха иахьа уи дахагылоуп аимператор. Иапониаа ирымоуп даараӡа ижәытәӡоу акультуреи атрадициеи. Дара даара ҳаҭыр рықәрҵоит ркультуреи ртрадициеи. Убри азы Иапониа атуристцәа бзиа ирбо тәылоуп. Зегь реиҳа атуристцәа Иапониаҟа иаауеит март анҵәамҭеи, апрель алагамҭеи рзы. Уи аамҭазы ара ишәҭуеит сакура.   Сакура Сакура ари иапониатәи ацаҵлоуп. Иара шәҭуеит ааҧын. Сакура иапониатәи акультура иахәҭакуп. Уи ашәҭра ажәытә иапониатәи асахьақәа ирнуп. Сакура бжьымшы роуп ианышәҭуа. Уи абжьымшы иапониаа рзы ныҳәоуп. «Ханами» иапон бызшәала иаанагоит ашәҭ аҧшӡара аҟынтә агәахәара аиура. Сакура ашәҭ игәилҧштәуп, мамзаргьы ишкәакәоуп. Иапониаа рҿы захьынџьара иуҧылоит сакура. Сакура абыҕьқәа афатә алырхуеит.   Суши Иапониаа ихадоу ржәытә традициатә фатә хкуп – суши. Урҭ фатәыс рхы иадырхәоит амшын ирнаҭо афатәқәеи абрынџьи. Акрыфараан иапониаа аҳәызбеи ачқыҧи рхы иадырхәаӡом. Урҭ амҿы иалхыу ҩ-лабак рыла акрырфоит. Суши – ари традициатә фатәуп иапониаа рзы. Уи аҧсыӡ аӡеи абрынџьи ирылырхуеит. Суши иапониаа рыдагьы бзиа избо ыҟоуп. Уи адунеиаҿы зегь реиҳа зыхә ҳараку, ихаау афатә хкқәа иреиуоуп.   Асамураи Асамураицәа ҳәа ажәытә иапониатә аибашьцәа ирышьҭан, аиапон бызшәала самураи амаҵзура аанагоит. Самураи иҭауад дихьчон. Аибашьраҿы Асамураи ихы иаирхәон аҳәа. Аҳәа иапон бызшәала катана ахьӡуп. Самураи зегьы деицырдыруан ҟазарала аҳәа ахархәаразы. Асамураицәа амаҭәа ҷыда рыман. Урҭ ирыман рзакәанқәа рышәҟәы. Асамураицәа урҭ азакәанқәа ҳаҭыр рықәырҵон, урҭ рыҭауадцәа рыҧсахӡомызт. Ирытҟәаз Асамураицәа рҽыршьуан. Урҭ аҳәа рыҕрыршьуан. Уи харакири ахьӡын. Харакири – ахаҵара иасимволын. Асамураицәа рхаҵара азы ирацәаны ашәҟәқәа рыҩхьеит. Иара убас «Быжьҩык асамураицәа» ирызкны иҭыхуп зегь еицырдыруа иапониатәи афильм.   Кабуки Иапониатәи аҟазара иамоуп ижәытәӡатәиу атрадициақәа. Иапониатәи атеатр иахьӡуп кабуки. Кабуки – акәашареи ашәаҳәареи ҳәа еиҭаргоит. Ажәытә аҳәса ракәын актиорцәас иҟаз. Жәибжьтәи ашәышықәса азы зегьы аҽаҧсахит. Ахацәа ракәхеит актиорцәас иҟалаз. Актиорцәа дара рымаҭәа ҷыда ныҟәыргон. Уи амаҭәа ахалаҭ (аҵкыаҧхьарҟьа) еиҧшуп. Уи аҵкыҧхьарҟьа иапон бызшәала иахьӡуп кимоно. Кимоно иахьагьы Иапониа еиҧш егьырҭ атәылақәа рҿгьы ирылаҵәахьеит. Кабуки атеатр аҿы аҵак дуӡӡа амоуп актиорцәа рмакиаж, урҭ дара рхала иҟарҵоит. Раҧхьа урҭ рхы рҿы ахәша ахьыршьуеит, анаҩс ашәыга шкәакәа, аҵыхәтәан рқьышәқәа ашәыга ҟаҧшь ахьыршьуеит, рыблақәа ашәыга еиқәаҵәа. Аспектакль анҵәамҭазы, актиорцәа рхы рҿы абырфын хҵәаха адырҵоит. Амакиаж абырфын ахь ииасуеит. Ас еиҧш иҟоу абырфын ахҵәаха актиорцәа кыраамҭа ирҵәахуеит. Кабуки иахьазы иапониаа рзы бзиа ирбо аамҭа хгагоуп.   Бонсаи Иапониаа атрадициақәа рыдагьы, бзиа ирбоит аҧшӡара. Бонсаи – ари иапониатәи аҵан ҵлақәа (аҵлахәыҷӡақәа) роуп. Урҭ аҟәџьалхәыҷқәа рҿы ирызҳауеит. Бонсаи, иаабахьо аҵлақәа иреиҧшуп, аха даара ихәыҷӡақәоуп, урҭ инықәырҧшны ҩажәижәаба сантиметра инаӡоит. Бонсаи ааӡара даара иуадаҩуп. Урҭ рныҟәгаразы иҷыдоу анышә, амра шәахәа рацәаны, аӡы, арҵәыга рҭахуп.   Шоги Иапониатәи ашахматқәа шоги рыхьӡуп. Раҧхьаӡакәны ашахматқәа цәырҵит Индиа. Шоги цәырҵит, аабатәи ашәышықәсазы индиатәи ашахматқәа рнаҩс. Ажәакала шоги иамоуп ахатә ҧҟарақәа, индиатәи ашахматқәа излареиҧшым. Аицлабҩы иигаз афигура, иацлабуа ихы иаирхәар ҟалоит.   Оригами Еиуеиҧшым амаҭәарқәа ақьаад иалхны аҟаҵара оригами ахьӡуп. Китаи ақьаад иаҧсадгьылуп, аха ақьаад иалхыу иссиру амаҭәарқәа рыҧсадгьыл Иапониа ауп. Оригами напыла иҟарҵоит. Урҭ ажәытә аҵак ду арҭон, рыхгьы иадырхәон адинтә ныҳәақәа раан. Ныҳәақәак раан иапониаа иҟарҵон акәалаҧ хәыҷқәа – санбо, уахь иҭарҵон аҧсыӡи, ауҭраҭыхи рҽыҭқәа. Самбо иҭаҵаны Иапониаа ауахәамақәа рахь инаргон аныҳәагатәқәа. Ишаабо ала, иапониаа рзы адини оригами ҷыдала еидҳәалоуп. Иапониа Оригами ибзианы аҟаҵашьа здыруа аҵара бзиеи аилкаара змоу аӡә иакәны дрыҧхьаӡон. Иапониаа еиуеиҧшым афигурақәа рыла еиуеиҧшым ацәаныррақәа аадырҧшуеит. Аиҩызара иасимвалны иҟан аҧарҧалыкь, аҧсаатә, ашәҭ. Иапониа оригами аҿы зегь реиҳа ирдыруа сахьан апҟа шкәакәа. Аҧҟа шкәакәа анасыҧи аҧсынҵры дуи ирсимволын. Иапониаа агәра ргоит ақьаад иалхыу апҟа шкәакәақәа шәкы ҟазҵаз игәҭакы шынаӡо ала.   Кимоно Кимоно иапониатәи аҳәсақәа ртрадициатә маҭәоуп. Иҟалап, уи ахалаҭ (аҵкҧхьарҟьа) иеиҧшызар. Ари иауу ҵкуп, аӡараҿы маҟала иҿарҳәоит. Аҳәса ркимоно еиҧш иҟоуп ахацәа ркимоногьы. Ус уахьахәаҧшуа иара баша ҵкык еиҧшуп, аха иара иамоуп ҩажәа елемент, уи хымҧада ашәҵашьа иазкуп. Кимоно аҧҟарақәа ирықәшәо аӡә ихала ашәҵара илшаӡом. Уи азы иаҭохуп хҩык. Кимоно есыҽны ашәҵаразы иманшәалаӡам. Ҳаамҭазтәи иапониатәи аҳәса еиҳа ишырзымарио рҽеиларҳәоит. Урҭ аелементқәа зегьы рхы иадырхәаӡом. Даара акраҵанакуеит акимоно иану асахьақәа. Ашықәс аамҭақәа узырбо асахьақәа зну акимоно зегь реиҳа ирылаҵәоуп. Акимоно аҵаҟа, иапониаа асарочка, аиҧка ршәырҵоит, ирышьарҵоит иапониаа ршьаҵа агета. Гета амҿи, ацәеи ирылырхуеит. Ашьхәа жәасантиметрак инаӡоит. Ажәытә ари аимаа аибашьраан аибашьцәа ирышьарҵон.   Аикебана Аикебана иҷыдоу ҟазароуп. Ари ашәҭқәа ирылхыу ашәҭрқьақьоуп. Ажәытәы аикебана адинтә ныҳәақәа раан рхы иадырхәон, уи аритуалқәа раан Анцәа изыршаз акакәын. Аикебана иара асимвалтә ҵакы амоуп. Уи ажәҩани, адгьыли, ауаҩи символла иаанарҧшазароуп. Арҭ ах-символк ашәҭқәеи, амахә ҟатеи, абҕьқәеи рыла аикебана аҟазацәа иҟарҵон. Аикебана аҟаҵараан узхымҧо ашәага-загақәа ирықәныҟәатәын.
Download