Сасра ашәҟәыҩҩ иҿы
Сасра ашәҟәыҩҩ иҿы Иахьа Соҧиа ашкол ахь дцаӡом. Иахьа Соҧиа сасра дцоит. Соҧиа сасра еицдыру ашәҟәыҩҩы лахь дцоит. Ари ашәҟәыҩҩгьы Соҧиа лыхьӡуп. Уи ахәыҷтәы ашәҟәыҩҩы лоуп. Уи даараӡа ирацәаны ахәыҷтә ажәеинраалеи, ажәабжьи лыҩҩхьеит. Арҭ ажәабжьқәеи, ажәеинраалақәеи ахәыҷқәа даараӡа бзиа ирбоит. Ашәҟәыҩҩы лажәеинраалақәа зегьы ахәуҷқәа ҿырҳәала ирдыруеит. Уи лажәабжьқәа зегьы ахәыҷқәа аҧхьахьеит. Соҧо дгәамҵуеит. Уи еицдыру ашәҟәыҩҩы лҧылара лҽазыҟалҵоит. Соҧиа ду Соҧиа хәыҷы лажәабжьқәа ахәыҷтәы журнал аҟны даҧхьеит. Ашәҟәыҩҩы Соҧо лажәабжьқәа даараӡа илгәаҧхеит. Ашәҟәыҩҩы Соҧо сасра ааҧхьара лылҭеит. Соҧо ацкы ҧшӡа хәыҷы лшәылҵеит. Нас илшәылхит. Нас еиҭах илшәылҵеит. Соҧо лажәабжьқәа зныз атетрадь аҧшаара далагеит. – Ашәҟәыҩҩы сара сыцкы ҟаҧшьы акыӡам аҿлымҳара ззылуа, сара сажәабжьқәа роуп аҿлымҳара ззылуа – лхы дацәажәоит Соҧиа. Соҧиа ашәҟәыҩҩы лажәабжьқәа дылзаҧхьеит. Ашәҟәыҩҩы Соҧо илгәалалыршәаларц азы лхатә шәҟәы ҳамҭас илылҭеит. “Бзиа избо, агәырҵҟәыл змоу Соҧиа ашәҟәыҩҩы лыҟнытә ҳамҭас” – иануп ашәҟәы. Соҧиа анасыҧ лымоуп.
Download