Ниутон иҵәа
Ниутон иҵәа Аҵәақәа реиҳарак ашәырӡ ма ахаатә азы рхы иадырхәоит. Аха иҟоуп акгьы иеҧшым аҵәагьы иџьоушьаша аҵәа. Абас еиҧш иџьоушьаша аҵәақәа алакуқәа рҟны иҟоуп. Аҵәа зтәы шәаҳҳәар иаҳҭаху зынӡагьы илакутәым … Англыз ақыҭа хәыҷы Вулсдорф аҟны, аҩны ҟаҧшь аҿы ҳаҭыр зқәу Ниутон дихылҵит аҷкун Исаак, ахәыҷы зааиыфк, ичымазҩыз, иакән, дызхылҵыз аарлаҳа деиқәдырхеит. Аҭаацәа даараӡа иҕәҕәаз, амч змаз аҷкун дырҭахын, уи аҭаацәа ауасеи, ацәа армазеира аҟны дрыцхраар акун. Исаак ашәҟәқәа ракун дзыҧхьоз. – Ашкол ахь дҳашьҭыр ауп – иҳәит абиашьа Иакоб. Иара убас иҟалит. Исаак ашкол аҟны уамашәа иубаша ақәҿиара иман. 22 шықәса дшыҟазгьы уи мчы змамз, изааиыфыз, ичымазаҩыз иакун. Аха зегьы идыруан. Ҽнак зны, аҧсшьара аан, аҩныҟа дцеит ҧсшьара. Уаҟа уи аҵәа аҵаҟа диан. Аиашазы убри аамҭазы аҵла аҟнытә аҵәа каҳан ихы иаахит. – Маҷк ианскьаганы укаҳар улымшаӡози? – иҳәит Ниутон. Нас иаразнак идырит: зегьы каҳуеит иааигәоу абжьазаара иавсны. Ари даараӡа идуыз аҭҵаара акун – Ниутон адунеи аахара амч ҭиҵааит. Уи аамҭақәа зегьы рзы даараӡа идуу аҭҵаарадырҩы иакухеит. Ачымазҩы Исаак 88 шықәса иҧсы ҭан … Даараӡа ибзиоуп ианудыруа иарбан ҧынҵоу аҵәа заахараны иҟоу.
Download