Ацирк аҟны

Ацирк аҟны Асҭандеи, Леуани ацирк ахь ицеит. Ари аклоуын аҧынҵа ҟаҧшьы имоуп. Ани аклоуын аҧынҵа ҩажь имоуп. Ари аклоуын аӡҕы ҟаҧшьы имоуп. Ани аклоуын аӡҕы шкәакәа имоуп. Ари аклоуын амаамын дахәмаруеит. Амаамын аҵыхә хәхәа амоуп. Ани аклоуын аҳәа дахәмаруеит. Аҳәа еикәыршоу аҵыхә хәыҷы амоуп. Ари аклоуын ажьахәҷы дахәмаруеит. Ажьа аҵыхә гьежьы амоуп. Аклоунцәа еицыхәмаруеит. Аклоунцәа аҵыхәа рымаӡам.  
Download