Авулкан
Авулкан Аҧхьажәа Авулкан аҧсабаратә хҭысуп. Авулкан адгьыл агәы иалсны иаауеит. Авулкан аҭыҵра ахәылҟьара ахьӡуп. Авулкан ишу массоуп, уи даараӡа иласны ихәылҟьоит ашьха ақәцә аҟнытә. Авулкан даараӡа ишәарҭоуп. Уи аӡәгьы дзаҿагылом. Авулкан аҟнытә ишу амасса еснагьы иҭыҵуам. Ахәылҟьара аамышьҭахь уи ихьшәашәоит. Ихьшәашәоу амасса аҟнытә ишьақәгылоит авулкантә шьхақәа. Аҧсабара аҟны аусзуеи, иҧсхьоуи авулканқәа ыҟоуп. Зыҧсы ҭоу авулкан аҟнытә иҟалар алшоит амасса шы хәылҟьар. Иҧсхьоу авулканқәа шәарҭам. зны-зынла авулканқәа ахырҳага ҟарҵаргьы рылшоит. Авулкан ахәылҟьара аамышьҭахь иаанхоит ахьтәи егьырҭ акыр иаҧсоу аихақәа рмаҭәарқәа. Насгьы авулкан иалоуп акыр ихырҳагоу аминералқәа. Убри аҟнытә авулкан ахьыҟоу аҭыҧқәа даараӡа иҧсылоу дгьылуп. Ишҧа цәырҵуа авулкан? Ҳарҭ авулкан ахәылҟьара ҳбоит, уи адгьыл аҟны ианцәырҵлак. Аиашазы авулкан адгьыл агә аҟны ицәырҵуеит. Ари амасса адгьыл хыхь авулкан акратер аҟнытә иҭыҵуеит. Хыхьынтә ҳахәаҧшыр авулкантә аҭыҧқәа, адгьыл аҟны иаҳбоит ажрақәа. Уи ауп авулкантә кратерқәа. Авулкан ххкык амассақәа хәылнарҟьоит: · лава – мамзаргьы амцабзтә амасса; · авулкантә аццышә – мамзаргьы иҕәҕәоу амасса; · аӡы масса – афақь. Авулканқәа реиҳарак аӡы аҟны иҟоуп. Зегьы реиҳаӡа – Иҭынчу аокеан аҟны. Адгьыл аҟны зегьы реиҳаӡа авулканқәа Индонезиатә адгьылбжьаха аҟны иҟоуп. Индонезиатә адгьылбжьаха аҟны зегьы реиҳаӡа идыру авулкан Кракатау ахьӡуп. Аҵыхәтәаны уи 1883 шықәса ихәылҟьеит. Уи авулкан аусзуа вулкануп. Авулкан ахәылҟьара заа адырра алшара ыҟаӡам. Зныҽ зынла авулкан ахәылҟьара адгьылҵысра иақәшәоит. Аха ус иҟамларгьы ҟалоит. Авулкан ахәылҟьара даараӡа иҧшӡоуп. Ахәаҧшра даараӡа иуадаҩуп. Авулкан шәарҭоуп, ауаа авулкан ааигәара аҟнытә иқәҵуеит.
Download