Аметро
Аметро Аҧхьажәа Аметро атранспорттә ахархәарақәа ируакуп. Автобуси, адәыҕбеи еиҧш. Уи адәыҕба иеҧшуп, адгьыл аҵаҟа иныҟәоит, аха зны-зынла адгьыл хыхьгьы ақәлара ақәшәоит. Ианшоуроу, аметро ала аныҟәара бзиоуп, Адгьыл аҵаҟа ихьшәашәарами. Ахьҭеи аҵааи аангьы аметро еиҳа ишәарҭам иҧхоу транспортуп. Амашьына аҵааршә аҟны иқәшьқьраар алшоит, аметро акгьы ахьуам. Уи иалшоит шәарҭада иахьуҭаху унангар. Раҧхьатәи аметро Англызцәа адәыҕба анырхәыц, ирыӡбит, ари адәыҕба адгьыл хахь адагьы, даҽа џьаргьы ахархәара, урҭ адгьыл аҵаҟа иҟарҵит раҧхьатәи аметро аангыларҭа афақьдәыҕба раҧхьаӡа иурышьҭит 1863 шықәса. Англиа ари атранспорт даараӡа иргәаҧхеит, ирыӡбит абас еиҳа ирласны шәарада ҳныҟәалоит ҳәа, избанзар адгьыл хыхь анеиааира иазҳаит. 1890 шықәса афымцадәыҕбақәа аурыжьҭит Лондонтәи аметро аҟны. Иазгәаҳҭар ауп, раҧхьатәи афымцадәыҕба ахәыцра аидеа Германиатә Вернер Сименс итәуп, уи адәыҕба хәыҷы ҟаиҵит, уи адгьыл хыхь иныҟәон, амҩақәа ирылсуан ауаа нанага-аанагон. Ари атранспорт Европаа даараӡа иргәаҧхеит, иахьагьы уи Европатә атәылақәа рыҟны иҟоуп (иаҳҳәап Германиа, Франциа уб.егь.) Аметро иаарласны Европатә атәылақәа рыҟны иаадыртит, анаҩс Азиеи, Америкеи хнахит аметро авагон ҧшӡақәа, уаҟагьы аметро дыргылеит. Иҟоуп метро зегьы реиҳа имаҷуи, иаууи ацәаҳәақәа. Зегьы реиҳаӡа иамҷу ҩкилометр иҟоуп уи Израилтәи ақалақь Ҳаиҧа аҟны ауп, зегьы реиҳаӡа иауу ацәаҳәа 1300 километр иҟоу Ниу Иорк аҿы иҟоуп. Ашьҭахьажәа Хәыҷы-хәыҷы аметро адәыҕбақәеи, аангыларҭақәеи, еиҳа иҧшӡахоит акомфортра аиыуеит ауаа аметро ала рныҟәаразы. Қарҭгьы иҟоуп аметро. Раҧхьаӡа аметро 1966 шықәса иаартын Қарҭ, иахьагьы ақәҿиара аманы аус ауеит. Егьырҭ аметро аангыларҭақәа реиҧш, Қарҭ аметрогьы еиҳа ирҧшӡахеит.
Download