Адгьыл аҵаҟатәи

Адгьыл аҵаҟатәи   Ҳарҭ ессымша абылтәы ҳхы иаҳархәоит. Абылтәы анбылуа уи амчхара ахылҵуеит. Ҳарҭ ари амчхара ҳхы иаҳархәоит. Аҧсабаратәи аҳаир абылтәы ауп. Аҧсабаратәи аҳаир анбылуа амчхара ахылҵуеит. Уи амчхара аҧхара ҟанаҵоит. Аҧсабартә аҳаир адгьыл аҵҟатәиуп. Уи адгьыл аҵаҟа, уи аҵааулара аҟны ирыҧшаауеит. Адгьыл аҵаҟатәи абылтәы уи арацәи, анефти роуп. Ишҧарыҧшааи арацәа? Арацәа ашәаҧыџьаҧтәи абылтәы ауп. Уи ашәаҧыџьаҧ иахылҵит, даараӡа акыр аамҭа аҧхьа иҧсхьаз ашәаҧыџьаҧ аҟнытә. Ашәаҧыџьаҧ хәыҷы-хәыҷы аӡы ихнаҩеит. Адгьыл атемпература ду ашәаҧыџьаҧ арацәа рылнахит. Арацәа иҷыдоу амашьынақәа рыла иҵырхуеит. Амашьынақәа адгьыл иҵаауыланы иржуеит уаантә арацәа ыҵырхуеит. Абылтәи, аҧсабаратәи аҳаири амшын аҵа аҟны ирыҧшаауеит. Абылтәи, аҳаири акыр аамҭа раҧхьа иҧсхьоу амшын аҧстәқәа ирхылҵит. Урҭ рхылҵразгьы атемпература ҳракы аҭахын. Адунеи аҟны уажәы азы даараӡа иарцәаны адгьыл аҵаҟатәи абылтәы ыҟоуп. Адгьыл аҵаҟатәи абылтәы еснагь иҟазаауам. Уи ҽнак зны инҵәоит. Адгьыл аҵаҟатәи абылтәы ацәырҵразы милионла ашықәсқәа аҭахуп. Адгьыл аҵаҟатәи абылтәы ауаа рзы ихырҳагоуп. Аха уи иҽеим аҟазшьагьы амоуп: адгьыл аҵаҟатәи абылтәы аҧсабара аҟьшьуеит. Иҟьшьу аҧсабара аҟны ауаҩы дычмазыҩхоит. Иҟалар алшоит ауаҩы даҽа былтәык аҧиҵаргьы. Уи еиҳа иамҷна аҧсабара аҟьшьуеит, акыр аамҭа ахархәара ҟалоит.
Download