Ашәаҧыџьаҧ

Ашәаҧыџьаҧ   Ашәаҧыџьаҧ зыҧсы ҭоу акы ауп. Уи аҧсыҧ еивнагоит иаргьы аҧсыҧ ахылҵуеит. Аҵла, аҳацкьын, ашәҭқәа, акәыкәбаақәа, – зегьы ашәаҧыџьаҧ роуп. Урҭ даараӡа еиуеиҧшым. Ари аиҧшымра ала ашәаҧыџьаҧ ахкы шьақәдыргылоит. Аҵлақәа ашәаҧыџьаҧ иҷыдоу хкыуп. Акәыкәбаақәа урҭ иреиҧшым хкуп уҳәа убас иҵегьы. Ашәаҧыџьаҧ ауаҩы изы ахырҳага ду изаанагоит. Урҭ аҳауа арыцқьара иалахуп. Ашәаҧыџьаҧқәа шьоукы ауаҩы афатә еиҧш ихы иаиырхәоит. Иаҳҳәап аҵлақәа ихарҳәгоу амаҭәахә аҵәҵәыра ала идырҭәуеит. Иара аҳауа аҟны иҟоу иҽеим амаҭәахәқәа арацәҵәҵәыра ргоит. Ашәаҧыџьаҧқәа шьоукы ашәыр рҿалоит. Аҵла рацәа ршәыр фатәыс рхы иадырхәоит. Аҵла амҿы ауаҩы аӡын аҽырҧхаразы ихы иаиырхәоит. Ашәатәыс рхәы иадырхәоит акәыкәбаақәагьы. Акәыкәбаа рацәа ихаауп ихырҳәгоуп. Акәыкәбаа аҟнытә даараӡа ихаау афатә дырмазеиуеит. Аха иузицәахо акәыкәбаақәагьы ыҟоуп. Уи аҟны ауаҩы игәыиҽанызар ауп. Ҳарҭ бзиа иаҳбоит ихаау, згьам бзиоу ашәыр. Ашәыргьы ашәаҧыџьаҧ иатәуп. Ауҭраҭыхгьы ашәаҧыџьаҧ иатәуп. Ашәыри, ауҭраҭыхи ауаҩы даараӡа ихәоит игәабзиара аиҕьнатәоит. Ашәаҧыџьаҧ идырҧшӡоит, идырбеиоит ҳара ҳаҧсҭазаара ақәыҧшыра. Минуҭ ала шәхы аҟны иаажәг ашәҭқәа рыда адунеи шыҟалоз, ашәҭқәа, аҳацкьынтә дәқәеи, аҵла ҧшӡақәа рыда? Иҟалон ҧштәыктәи, ахаҳәтәи, ҧсҭазаара. Ашәаҧыџьаҧ адунеи аҧсы ахазҵо мчуп. Ашәаҧыџьаҧқәа зегьы ҷыдала азнеиреи аиқәырхареи рҭахуп. Урҭ ауаҩы игәабзиара еиҕьыртәоит, ауаагьы ашәаҧыџьаҧ иахылаҧшыр ауп.
Download