Анду дааит

Анду дааит   Иахьа нанду Аҟәантәи дааит. Уи акалаҭ аалгит. Нанду лкалаҭ хьынҭуп. Акалаҭ аҟны ашәыр рацәа ҭоуп: аҵәа, аҳа, атама, аҧҳәа, ажь, алаҳа. Нанду акалаҭ аҟнытә ашәыр ҭылгеит: раҧхьа атама ҭылхит, нас аҵәа ҭылхит … Нас аҳа ҭылхит, нас аҧҳәа ҭылхит, нас ажь ҭылгеит, аҵыхәтәаны, нанду алаҳа ҭылгеит. Уажәы нанду лкалаҭ ласуп.
Download